Апремиера "Антигона" аӡыргара

Август 7 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит апиеса "Антигона" апримиера аӡыргара. Ари апиеса авторс дамоуп,адраматург Жан Ануи. Уи аԥҵан 1942 шықәсазы,Париж анацистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз.

Антигона илызкыз антикатәи апиеса ԥасатәи аҵакы азнеишьа ҿыцла дазнеит. Антигона ланшьа-аҳ Креон изакәанԥҟа еилаганы лашьа - аԥсахҩы иԥсыбаҩ анышә иалҭоит.
Лара дырҿагылоит аполитикатә хәмаррақәеи амци.Аиашара дазықәԥоит. Креон иакәзар, иаԥшьигаз азакәанқәа дыҭҟәаны дрымоуп.
"Антигона" режиссиорс дамоуп Викториа Печерникова, еиҭалгеит Еҭери Коӷониа-ԥҳа,акостиумқәа рсахьаҭыхҩы Улиана Ериомина,акостиум Ева Топкариан,Елена Кара,адекорациа Гари Дочиа,абжьы Абзагә Марыхәба,алашара Михаил Манџьгалаӡе,Саид Ԥачлиа,асинхронтә еиҭага адиқтор Анна Лагәлаа,аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр анапхгаҩы,Аахыҵ - Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артист Аслан Еныкь, аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы,Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмаа.
"Антигона" арольқәа нарыгӡон: Антигона - Есма Шуген,Креон - Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Аслан Анқәаб,ахор - Мдар Сақаниа,Исмена-Диана Абыхә-ԥҳа,Гемон-Леон Барчан,анаӡӡеи-Альдона Адлеи-ԥҳа,астражник Будусс-Ахра Кәарҷиа, астражник Жона-Вадим Абыхәба, астражник Диуран-Ҳаџьараҭ Џьапуа,Евридика-Аахыҵ Уаԥстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Фрида Леи-ԥҳа,Лахесис -Иана Каҷараа-ԥҳа,Клото-Елла Туова,аҷкәын -Еснаҭ Ҳаразиа.
Апремиера "Антигона" ахәаԥшцәа идырбахоит ҩымш август 7-8 рзы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me