Иаҳхамшҭуа амшқәа

Ҳажәлар рҭоурых аҿы ирацәоуп арыцхәқәа. Иарбан аамҭазаалакгьы, аԥсуаа зықәшәазаалакгьы рыԥсадгьыл рыхьчон. Ианаҭахызгьы абџьар кны еиқәдырхон. Аӡәгьы иҿаԥхьа рхы ладмырҟәыцызт.

Аԥсуаа рҭоурых аҿы 20-тәи ашә. 1957, 1967, 1968, 1989, 1990, 1992-1993 шықәсқәа арыцҳарақәа рыла иҭәын.
1957 ш. Баҭымнтәи Аԥсны иааны иҟаз Чазмаа Рафаель Мураҭ-иԥа аԥсуа жәлар реизараҿы, иажәа абас ихиркәшеит (урыс бызшәала дцәажәон): «Аԥсуаа шәыԥсадгьыл Аԥсны азы шәықәԥароуп. Ахақәиҭра, ахьыԥшымра марианы аӡәгьы ишәиҭараны дыҟаӡам. Иаҭаххозар ашьагьы каҭәатәуп… Иқәгылара ашьҭахь Қарҭ хәышықәса дҭакын. 1967 ш. аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл леиԥш иҟаз апатриотцәа напхгара азыруит.
1989 шықәса ԥхынгәы 15-16 рзы Аҟәа ақалақь аҟны аидыслара ӷәӷәа ҟалеит. Аԥсуаа быжьҩык ҭахеит. Ихәыз 180-ҩык иреиҳан.
Сынтәа 1989ш. ԥхынгәы 15-16 рзы аидыслара 35 ш. ахыҵит. Иҭахаз, хьыӡҳәала еиқәаҳаԥхьаӡоит: Аргәын Валери (Иури) Пас-иԥа, Коӷониа Алықьса Ҷӷьыц-иԥа, Лашә­риа Нур Махаз-иԥа, Лашәриа Ваниа Миха-иԥа, Кобахьиа Альберт Қар­беи-иԥа, Агрба Џьон, Закан-иԥа, Чкотуа Беслан Ражден-иԥа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы акәзар, Охәреи ақырҭцәеи аԥсуааи еидыслеит. Аԥсны еиҿыркаахьаз аԥсуа гвардиа ахаҭарнакцәа уахь идәықәҵан. Урҭ рымчқәа ақәхомызт азы, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟәшақәа рҟны аус зауз, еиҳа зыгәра ргоз алхны уахь идәықәырҵон. Усҟан Гәдоуҭантә ирышьҭыз амилициа аусзуҩцәа дрылан Агрба Џьон Закан-иԥа. Дабиԥазаҵәын. Дҭаацәарамызт. Инеиз ауаа азымхеит. Агрба Џьони Габуниа Гәрами еидтәалан, Гәрамгьы амилициа аҟәшаҿы аус иуан. Урҭ ақырҭцәа шрықәлоз гәарҭеит. Џьон идҵала Гәрам акыр дласкьеит. Уи зыҟаиҵаз, еицыз рацәоушәа ақәылаҩ идырбаразы ауп. Ахысыбжьқәа заҳаз рҩызцәа дара рышҟа еихеит. Абри аиҿахысраан Џьон дҭахоит.
1989 шықәса, ԥхынгәы 15-16-тәи ахҭысқәа хашҭра зқәым рыцхәқәаны иаанхеит. Аԥсуааи ақырҭцәеи реидыслара зыхҟьаз, мзызс иамаз Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилиал Аҟәа аартра аԥшьгара инамаданы аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара иҟалаз аимак ауп. Ақырҭцәа абџьар змаз рацәаҩын. Аԥсуаа еиҳараӡак ахархәара ззыруаз ахаҳәқәа, алабақәа, аӷәқәа… ракәын. Апатриотцәа ана-ара, имшәа-имырҳа Аԥсны аԥсуаа ишрыԥсадгьылу рҳәон… Асовет аамҭазы аԥсуаа рыҷкәынцәа рыманы иганы иҭаркуан, ирықәымчуан, идыргәаҟуан.
Аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы хьаҵра ззымдыруаз аԥызацәа рацәаҩын. Урҭ маӡалатәи русура ӷәӷәан, есааира аҽарҭбаауан…
Чкотуа Беслан Ражьден-иԥа Лыхнытәын. Деилҟьан, иҩызцәа рыгәҭа днагылеит. Иара Чернобыль иҟалаз атрагедиа аан, ауаа реиқәырхаразы Аԥснынтә ицоз агәыԥ дрылан.
–Чкотуа Беслан, – лҳәеит Гәдоуҭа усҟан амлашьра итәаз Сангәлиа Џьулетта, –Аҟәа лабахыла ианеилаз, аарлаҳәа днеиуашәа анызба, сыҩны сихьӡеит. Иара дхәын. Ианаамҭаз дгәаҭазҭгьы деиқәхон. Иԥсы анилшәшәа ауп дышхәыз анаадыр. Дырзеиқәмырхеит…
Аргәын Валери (Иури) Пас-иԥа дмашьынаныҟәцаҩын. Гәдоуҭантә автобусқәа Аҟәаҟа идәықәырҵеит. Урҭ амилициа аусзуҩцәа ргон. Ацҳа ҟаԥшь азааигәара еишьҭагыланы ицоз автобусқәа ҩба амилициа маҭәа зшәыз иааныркылеит. Урҭ ишаабац еилаҳәазгьы рыцын. Автобус иҭалан еимырдеит. Валери (Иури) дахьатәиу реиҳәарц иазҵааит. –с–Гәдоуҭатәиуп! – ҳәа аҭак риҭеит. Ақырҭцәа аӡәы ибжьы ааиргеит: «Ҳара ҳтәқәа ҩыџьа рзы, шәара шәтәқәа 15-ҩык ҭахароуп».
Иури дызцыз иҩызцәа данырымба ишьҭаланы ихынҳәит. Ихы идыруа дыҟаӡамызт, ашьаӡа даганы дышьҭан… убра иԥсҭазаара ҿахҵәеит… Уи ашьҭахь иашьа Аргәын Гарри 1989 ш. цәыббра 12 рзы ақырҭцәа дҭаркуеит. Ажәлар гылеит, амитингқәа еиҿыркааит. Аԥсуаа иқәдыргылоз азҵаарақәа рҭакқәа рмоуа ианалага еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿыркааит: Тҟәарчалтәи ашахтиорцәа, анаплакқәа, афабрикақәа, насгьы ақыҭақәа рҟны аусурақәа рахь иҭыҵӡомызт. Гәдоуҭа, Пицунда, Гагра ачгара итәеит. Тҟәарчалтәи ашахтаҿгьы амлашьра иалагеит. Урҭ зегьы Ҟремльҟа ашәҟәқәа рыҩуан.
Кобахьиа Альберт Қар­­беи-иԥа Бас­­лахә­тәын. Дҭаа­цәаран, иԥҳа хәыҷы илызҳауан. Ақырҭцәа имҩаԥыргоз аполитика акгьы шалымҵуа разҳәоз арԥыс цәгьаԥсышьа иҭан.
Коӷониа Алықьса Ҷӷьыц-иԥа Кәтолтәын. Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аус иуан. Дахьаԥсыуаз мацаразы дшьын (16.07.1989ш.). Иара еснагь аԥсуаразы, аиашаразы дықәԥон. Аус ахьиуаз ақырҭцәа ракәын еиҳарак аус зуаз. Аԥсуа жәлар рҵеицәа руалԥшьа анагӡаразы зхы-зыԥсы иамеигӡо игылаз гыгшәыграла ирызнеиуан, нас иргәаҟны иршьуан. Коӷониа Алықьсагьы ус изныҟәеит. Уи дызшьыз ақырҭуа ихаҭара шьақәыргылан (ижәлан–Кәарацхьелиа) . Усҟантәи аамҭазы ақырҭцәа «амҵәыжәҩақәа» рыман. Аԥсуаа шьаҭанкыла ианырхырц рҭахын, аха уи залыршамхеит.
Лашәриа Нур Махаз-иԥеи Лашәриа Ваниа Миха-иԥеи ԥхынгәы 15-16-тәи ахҭысқәа раан бџьарда иҟан. Рҩыџьегь Аҟәа иҭахеит. Иахьышьҭаз анеира уадаҩын. Иҟарҵалакгьы аԥсуаа ирылшеит рыԥсыбаҩқәа ралгара.
Аԥсуа рықәԥара иалнаршоз, иҟанаҵаз, инанагӡаз рацәоуп. Аҭоурыхҭҵаараҿы аҵарауаҩы Игор Марыхәба амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара еилыкка иузырбо аусумҭақәа, ашәҟәқәа рацәаны иазикхьеит. Иара ихаҭа далагылан. Аԥсуа жәлар реидгылара, ракзаара амҩа ҭбаа ду ахь икылнагеит.
С. П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи анапхгареи аусзуҩцәеи рыхьӡала Аԥсны атәылахьчара аминистр Ануа Владимир Иван-иԥа ихьӡала ашәҟәы ҩын (04.06.2024ш. №7). Аҳәара ҟаҵан, 1989 ш. ԥхынгәымза 15-16 рзы иҭахаз, зуалԥшьа назыгӡаз рсиа ралагаларазы.
Ануа Владимири аминистрра иатәу Архивтә усбарҭа аиҳабы Агәмаа Валериани азҵаара ӡбаны иаҳзаарышьҭит. Уаҟа иануп: «… Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан амилаҭ қәԥараҿы иҭахаз 9-ҩык Аԥсны аҵеицәа рсиа хазы кәакьны амузеи аҟны иҟаҵатәуп…».
Аиԥылараҿы аҭоурыхҭҵааҩ Игор Марыхәба иажәа абас ихиркәшеит: «Зҭоурых здыруа ажәлар рҭоурых рцәыӡӡом. Усҟан, Асовет аамҭазы амитингқәа анымҩаԥаагоз Аԥсны иаланхоз ақырҭцәа рацәаҩын. Асовет Еидгыла аҳәынҭқарра амч анкәадаха 1989-тәи ашықәс аҽарџьбараӡеит. Абарҭ ахҭысқәа анцоз аԥсуаа аӡәгьы абџьар имаӡамызт, ирылаланы ирылырххьан…
Аха, Москва, СССР жәлар рдепутатцәа реизараҿы, аԥсуаа рҵеи лаша Арӡынба Владислав Григори-иԥа ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы илшоз зегьы ҟаиҵеит.
Аԥсны Афырхаҵа Алшәынба Рудольф иазгәеиҭеит: «Иахьа ара имҩаԥысуа аиԥылара ааӡагоуп. Аҿар ирдыруазароуп амилаҭтә қәԥара аан аԥызацәа шҭакыз, ирхыргаз. Хашҭра рықәымзароуп ҳҭоурых аиқәырхаразы зхы-зыԥсы иамеигӡаз зегьы».
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, Ҟаитан Лили амилаҭ–хақәиҭратә қәԥара иалахәыз ргәаларшәара иазылкыз лажәеинраала дырзаԥхьеит.

Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me