Аԥсны Никарагуа имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҟазареи акультуреи агастрономиеи рфестиваль ахы аланархәит

Абжьаратәи Америка арегион аҿы иреиҳау жәларбжьаратәи афестивальқәа иреиуоу, Жәларбжьаратәи аҟазареи, акультуреи, агастрономиеи рфестиваль мҩаԥысит Никарагуа Аҳәынҭқарраҿы нанҳәамза 3-4 рзы.
Афестиваль иалахәыз 37-тәылак рҟынтәи асасцәа аҩны иҟаҵоу аџьаӷь уаҭкеи, аџьыкеи, ашәи рыла ирыдыркылеит. Афестиваль асцена хада аҿы аԥсуа ҳәсеи ахацәеи ртрадициатә маҭәақәа рыла афестиваль иалахәу атәылақәа рмилаҭтә маҭәақәа рцәыргақәҵа аадыртит.
Аԥсуа павильон иаҭааит Никарагуа Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Камила Ортега, Никарагуа акультура аминистр Рамон Родригес, еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, Никарагуа аккредитациа змоу адипломатцәа.

Аманда Анталаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me