Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеижьҭеи 16 шықәса ҵит

Август 8 азы 16 шықәса ҵит «хәымштәи аибашьра» ҳәа изышьҭоу Аахыҵ-Уаԥстәылан аибашьра ианалагаз аҽны инаркны.

2008 шықәса август 8 ауха ҭынч, икахха ацәа иалаз Цхинвал ақалақь акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ала ахымца ажәырҵеит, гәҭакысгьы ирымаз ареспублика аццышәтәра акәын.

Ахәылԥаз, август 7, асааҭ 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы ирхеит. Уи иҳәеит ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҟны аимак иахьаҵанакуа аҭак хымца аадмыртырц азы.

«Исҭахуп уажәы схы сырхарц ақырҭуа полициаа иреихысуа рахь. Аҭакԥхықәра зегьы схашҟа иганы исҳәоит, сааҭқәак уажәаԥхьа даара иуадаҩыз аӡбамҭа шсыдыскылаз хымцала аҭак аҟамҵаразы», – иаҵишьит Қырҭтәыла апрезидент. Арахь хсааҭк ааҵуаны Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.

Қырҭтәыла анапхгара ақәгәыӷуан сааҭқәак ирылагӡаны Аахыҵ-Уаԥстәыла анапаҿы аагара, иара убас адырҩаҽны Цхинвал «аиааира згаз рпарад» амҩаԥгара.

Абри аибашьраан иԥыххаа иқәҵан аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа 745, анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи 200 инареиҳаны ирҳәын, ицҟьа-шәҟьа иқәҵан. Иҭахеит, ахәрақәа роуит акымзарак зхарамыз шәҩыла ауаа, убрахь иналаҵаны 72-ҩык Урыстәылатәи аррамаҵзуҩцәа. Ацәыӡ дуқәа шаиузгьы, Аахыҵ-Уаԥстәыла ахьчаҩцәа рхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны шьҭахьҟа ихьамҵит. Агрессор мчыла аҭынчрахь ииагаразы Урыстәыла ианаамҭаз имҩаԥнагаз ашьаҿақәа иалдыршеит анаҩс ашьакаҭәара аанкылара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me