«Риҵа арифмақәа»

21 Цәыббра 2023 12:27
Аҧсны Акультура аминистрра ахаҵгыларала сентиабр 16-17 рзы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа». Афестиваль хацыркын 2018 шықәса рзы. Уи шьҭа традицианы ишьақәгылеит. Аханатә аҧшьгаҩыс дамоуп аҟабарда поет, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Зарина Ҟаныҟәа.

Аигәныҩра аҳәаақәа

21 Цәыббра 2023 12:27
Аҧсны имҩаҧысуан «Аурыс культура амшқәа». Аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан Аҧсны акультура аминистрра ахаҵгыларала. Афестиваль еиднакылеит апоетцәа, апрозаикцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхҩцәа, акультура аусзуҩцәа. Урыстәылантәи иааз арҿиаҩцәа ргәыҧ напхгара алҭон Москватәи ажурнал «Литературные знакомства» аредактор хада Лола Звонарева.

Сан - сыԥсадгьыл

21 Цәыббра 2023 12:26
Сентиабр 30 хақәиҭра мшуп. Абри аҽны ҳаибашьцәа Аҟәа ахы иақәиҭтәны Аиааира абираҟ шәыршәыруа ишырхагылаз Егры ахықәанӡа инаӡеит, иранарыжьызҭгьы урҭ Гыртәылагьы дыршьаҳаиҭуан, Қәҭешьгьы иагәаладыршәон анкьатәи аҳҭынра аамҭа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me