– Аҳҭнықалақьтәи ахадара аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рахьтә иаҳа аԥыжәара рыҭатәуп, аԥхьа иргылатәуп ҳәа ишәшьозеи?
– Ақалақь ахадара аҿаԥхьа ирацәаны ауснагӡатәқәа ықәгылоуп. Иаҳа ихадароуп, аԥхьа иргылатәуп ҳәа иалыскаауеит абарҭ: ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа; аҳҭны-қалақь ауааԥсыреи асасцәеи рзы иманшәалоу, ашәарҭара зцым аҭагылазаашьа аԥҵара; азеиԥш қәыԥшыларақәа, ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа, амҩақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара; ӡыла аиқәыршәареи аӡымҩахгагақәеи шьаҭанкыла рырҽеира; ақалақь аҭоурыхтә хаҿра аиқәырхара уҳәа егьырҭгьы.
– Изеиԥшроузеи ақалақь аинфраструктура аиӷьтәразы ишәыдышәкыло аусмҩаԥгатәқәа?
– Ҳара иалаҳкааит шьаҭанкыла ирҽеитәу, еиҭактәу анџьныртә, атранспорттә инфраструктура аобиектқәа. Ҳаԥхьаҟагьы убри ҳақәныҟәалоит. Иара убас, аус рыдулара ҳаҿуп «Ақалақь ҟәыӷа» аиԥш иҟоу хықәкылатәи апрограмма (авидеохлаԥшра, ҳаамҭазтәи асветофортә шьақәгыла аларҵәаны атранспорттә мҩақәа рлогистика); амашәыртә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә рыцҳарақәеи ирласны рхаҵгыларазы, раԥырҟәҟәааразы акоммуналтә маҵзурақәа реимадара; ақалақь еиуеиԥшым араионқәа еимаздауа амҩақәа рпроект аус адулара, автобустә, атроллеибусттә паркқәа ауаажәларратә транспорт ҳаамҭазтәи ахкқәа рыла реиқәыршәара.
– Иахылаԥшуда МВО-и РВСН-и ԥасатәи рсанаториақәа рсанитартә ҭагылазаашьа?
– Амшынҿықә абри ахәҭазы аҭакԥхықәра адуп ақалақь, аха абри аҵакыраҿы иҟоу амшынҭаларҭақәеи ахәаахәҭырҭақәеи реиҳарак зтәу ԥасатәи асанаториақәа знапаҿы иҟоу аҵагылоит. Абри аҟынтә, уаҟа асанитартә ҭагылазаашьазы аҭакԥхықәра ахәҭак зду дара роуп. Амуниципалтә наплакы «Иагу-иабзоу аҟаҵара» иауалуп убри аҵакыра анаиааирҭақәа рыԥссара, агәам-сам аизгара, ақәгара. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит асанаториақәа ирыԥну адгылҵакырақәа рсанитартә маҵзура аганахьала русура арҽеиразы.
– Иазгәаҭоума амҩа хадақәа рырҽеира?
– Амҩақәа шьаҭанкыла рырҽеира иаҵанакуеит акоммуникациақәа зегьы рыԥсахра, ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа реиҿкаара, арлашагақәа рықәыргылара, аҵиаақәа реиҭаҳара уҳәа. Арҭ аусурақәа имаҷымкәа аԥаратә малқәа рҭахуп. Абри аҩыза аусурақәа мҩаԥаагахьеит Аԥсны асоциал-економикатә цхыраара иазку Аинвестпрограммала. Аҭыԥантәи абиуџьет аҟнытә аҳҭны-қалақь ахадара иалшо мҩадуқәак хыхь-хыхьла рырҽеира заҵәык ауп. Ҳазну ашықәс азы иарбаны иҳамоуп амҩақәа жәпакы ирыгу-ирыбзоу аҟаҵара. Убас Ҭаҭартәи амҩаҿы акаҭран ықәҵатәуп, Ажәанба имҩаҿы акоммуникациақәа зегьы ԥсахны амҩа ҳарҽеиуеит, Ф.Искандер имҩаҿы акәзар, аҩаршьҭрақәа ҟаҳҵоит, нас акаҭран ықәаҳҵоит.
Ҳазну аамҭазы ашьақәыргылара иаҿуп 2026-2028 шықәсқәа рзтәи Аинвестпрограмма. Ҳгәы иҭоуп убраҟа иаҳарбап ҳәа Лакоба, Искандер, Басариа, Агрба, Сентиабр 30, Гәыма, Кьараз, Аргәын рымҩақәа шьаҭанкыла рырҽеира.
– Иаҳзеиҭашәҳәа Аҟәа амшынԥшаҳәа аиҭакра иазку апланқәа?
– Аинрал Аршба имҩа инаркны Алашарбага ахаҵәирҭа аҟынӡа амшынҿықә иагу-иабзоу ҟаҳҵоит. Октиабр 1 инаркны амҩа абри ахәҭа аҳаркуеит. Аусурақәа нарыгӡоит Москвеи, Уфеи, Казани, Кранодари, Нижни Новгороди рыргыларатә усбарҭақәа. Иарбанзаалак ақалақь амҩа ахәҭак арҽеиуеит. Абарҭ аусурақәа ԥарала реиқәыршәара рхашҟа иргеит абарҭ ақалақьқәа.
Иаарласны акаҳуажәырҭа «Брехаловка» иахьаҵанакуа асқьала аԥсахразы аусурақәа ирылагоит. Апроектқәа зегьы ирықәдыршаҳаҭуеит аҭыԥантәи архитекторцәа, Ақалақьргыларатә хеилак, ауаажәларра. Ҳәарас иаҭахузеи, еиқәырхатәуп ҳамшынҿықә иамоу ахаҿра, аиҿкаашьа, аибыҭашьа.
–Изеиԥшроузеи ақалақь аекологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа?
– Иҵарны иқәгылоуп абзазаратә гәам-сам апроблема. Иааҳхәахьеит, аха иҵегьы ааҳхәарц ҳҭахуп еиуеиԥшым атехника ҷыда. Ааигәа Нижни Новгород Аҟәа ҳамҭас ианаҭеит аӡықәҭәагатә машьына. Уи ҳамҩақәа арыцқьоит, иаӡәӡәоит.
Иҳарӷәӷәоит ақалақьтә фымцатә усбарҭа аусура. Асанитартә ԥҟарақәа еилазгауа анападкылаҩцәа рганахьала административтә усмҩаԥгатәқәа ҳадаҳкылоит. Даҽа проблемак – аргыларатә гәам-сам иахьабалак акажьра ауп. Уигьы аҵыхәа ԥаҳҵәароуп.
– Ақалақь аҟны ашәарҭадареи азинлеишәеи рганахьала аусқәа шԥаҟоу?
– Азинхьчаратә усбарҭақәа русура ҳарӷәӷәоит. Авидеорбагақәа рықәыргылара ҳгәы иҭоуп. Автомашьынамҩақәагьы еиқәыршәахоит амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара ҭазыҩуа акамерақәа рыла. Еиҿкаахоит аҩнуҵҟатәи аусбарҭақәа рыҟәша аусзуҩцәа рыла аҷаԥшьарақәа.
–Шәаҳзалацәажәа ақалақь аҟны акультуратә, аспорттә ԥсҭазаара. Ҿыцрас иаҳзыԥшузеи?
– Ҳапланқәа рҿы иарбоуп арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа реиҿкаара. Аспорттә ԥсҭазаара иаҵанакуа атәы акәзар, Краснодартәи атәылаҿацә ҳамҭак аҳасабала Аԥсны иаргылоит ахырхарҭа рацәа змоу иаарту аспорттә шҭақәа. Ақалақь аҿы урҭ ааба ҟалоит. Урҭ рахьтә аиҳарак абжьаратә школқәа рҟны ауп иахьыҟарҵо. Абасеиԥш иҟоу ашҭақәа рҟны уаҩы имҩаԥигалар ауеит еиуеиԥшым аицлабрақәа, иара убас еиуеиԥшым ақәрақәа ирҭагылоугьы уаҟа рыԥсшьара аамҭа рхыргалар, аспорт рнапы аларкыр рылшоит.
– Аҟәа, иаҳарак уи аҭоурыхтә хәҭа, абас уҳәар ауазар, ргыларатә ҭыԥны аҟалара иаҿуп. Ана-ара ицәырҵуеит аихагыла рацәа змоу ахыбрақәа, ақалақь аҭоурыхтә хаҿра зыԥсахуа. Абри шәышԥахәаԥшуеи?
– Хымԥада еиқәырхатәуп ақалақь аҭоурыхтә хаҿра. Ҳара азин ҳамам ҳҭоурых ахаршҭра, ақалақь ишьақәгылахьоу архитекрутартә еибыҭашьа аԥыргара. Абри аҟнытә, ақалақь аҟны имҩаԥысуа аргыларақәа зегьы ҳара ахылаԥшра ӷәӷәа раҳҭалоит.
Ахыбрақәа рыҳаракыра акәзар, изыхәҭоу азинԥҟарақәа ирықәшәозароуп.
– Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аҟәа аимадарақәа арҭбаауеит еиуеиԥшым Урыстәылатәи ақалақьқәа рҟны, иацлоит аиашьара зыбжьазҵо ақалақьқәа рхыԥхьаӡара. Шәгәы иҭоума ҳаԥхьаҟагьы жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара?
– Аҟәеи жәабала Урыстәылатәи ақалақьқәеи аешьара рыбжьарҵахьеит, иара убас егьырҭ атәылақәа рҟны аешьара зыбжьоу ақалақьқәа ԥшьба ҳамоуп: Шотландиатәи Килмарнок, Адаԥазар (Ҭырқәтәыла), Ахарне (Бырзентәыла), Пуент-А-Питр (Гваделупа).
Хшыҩзышьҭра ҷыда аҳҭоит абарҭ ақалақьқәеи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара, русеицура.
Ҳара ҳрылахуп Урыстәылатәи ақалақьқәа рҟны инарыгӡо еиуеиԥшым асеминарқәа, аҳәынҭқарратә усмҩаԥгатәқәа.