Анапынҵақәа рынагӡаразы

24 Ажьырныҳәа 2024 07:46
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аиҳабыра Раппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа, Аԥыза-министр ицхырааҩ Дмитри Шамба алархәны.

Збаҩхатәра ҳаракыз

24 Ажьырныҳәа 2024 07:44
Ауаҩы ихы азыгәдуреи итәылауаҩра аԥсахареи еизнарҳауеит амилаҭтә доуҳатә культура. Еиҵагыло абиԥарақәа инарҵауланы ирнырратәы идеилнаркаауеит шаҟа иҵаулоу рыжәлар рҭоурых адацқәа.Аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура ахәҭа хадақәа ируаку атеатртә ҟазара ашьаҭа кын, ишдыру еиԥш, сынтәа диижьҭеи 150 шықәсхыҵра азгәаҳҭо, ҳдоуҳа ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа иаԥшьгарала, иаҳхысыз ашәышықәса актәи ажәашықәсақәа раан.

Мықәтәи ауахәама

24 Ажьырныҳәа 2024 07:41
Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб дырԥылеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа – аиереи Виссарион, аиереи Долмат, аиеромонах Давид, – иаанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.Аиԥылараҿы Аԥыза-министр адинмаҵзуҩцәа иреиҳәеит Аԥсуа Иашахаҵаратә Уахәама ахыбрақәа реиқәырхареи ирыгу-ирыбзоу аҟаҵареи рзы Аԥсны Аиҳабыра имҩаԥырго аусқәа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит анапхгаҩы Андреи Белианинов хадас дызмоу Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа аделегациа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.Бжьаниеи Белианинови Ашықәс ҿыц еидырныҳәалеит, ирзеиӷьибашьеит аҭынчра, ақьиара.

Ақьырсиантә ныҳәа ду

24 Ажьырныҳәа 2024 07:40
Ақьырсиантә ныҳәа дуқәа ируаку – Иаса Қьырса Иӡаахра Амшныҳәа иаԥхьанеиуа ахәылԥаз ажьырныҳәамза 18 иақәшәоит. Ари ауха, ишаԥу еиԥш, ақьырсианца ачарыц иалху ацхеи ашәырҩеи зларҵо ачгьахьачыс хаа ҟарҵоит. Ари ачыс жәытә-натә аахыс аиҭаҿиара, аԥсҭазаара ахацыркра символра азнауан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me