Ааигәа Санкт-Петербург иазгәарҭон Ленинград ахақәиҭтәра 80 шықәса ахыҵра амш.Аҭоурых адаҟьақәа еихыршәшәо уҿынаухар, иубоит Аԥсны аҵеицәа ари ахақәиҭраз рлагала шырацәоу.
Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц раҧхьатәи амза инаркны, Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа атроллеибустә наплакы аусзуҩцәа рулафахәы иацлеит. Абри атәы иҳәеит анаплакы аиҳабы Аслан Алан. Иара иажәақәа рыла атроллеибус ныҟәызцо аусзуҩцәа рулафахәы шьақәгылоит сааҭк аусура иақәу ахәҧса ала.

Абызшәа дырҵаразы

05 Жәабран 2024 09:33
Ааигәа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилак аҟны аҧсуа абызшәа аҵаразы акурсқәа ирылгаз асертификатқәа рыҭара мҩаҧысуан. Уи аартуа, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Гәында Кәыҵниа-ҧҳа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит еизаз зегьы.

«Иагьлафны илафымкәа…»

31 Ажьырныҳәа 2024 07:51
«Аччара ауаҩы иԥсҭазаара иацнаҵоит» рҳәоит. Ҵабыргны, агәалаҟазаара бзиа ауаҩытәыҩса игәабзиара шьақәнарӷәӷәоит, ибзазара еизнарҳауеит, аха уи азы иахьеи-уахеи икәша-мыкәша имҩаԥысуа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа дыдмыргәжәажәозароуп, дызну аамҭа уи алнаршозар?!Ҳаԥхьаҩцәа шәхацкы, «мышьҭабзиала» ҳәа, агәыӷрақәа адҳәало ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аԥеиԥш лаша шәзаанагааит, гәабзиарала ихарҭәаау анҵыра рацәа ацны.
Ажьырныҳәамза 27-28, 2024 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Алада Ахраҿа». Атурнир еиҿкаахеит ақалақьтәи ауаажәларатә еиҿкаара «Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа». Уи напхгара аиҭоит Дымчак Иван Алеқсандр-иԥа. Иара убас аусмҩаԥгатә анагӡараҿ ацхыраара ҟанаҵеит Шәача ақалақь абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Аилак.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me