Жәларык рцынҵәарах

19 Хәажәкыр 2024 08:04
«...Избан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изакәызаалак иҳахәаша акы ҟамҵаӡакәа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аԥсуа ҿар ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа, ҳара ҳамч зықәхаша, инаҳагӡаша. Иахьа адемократиатә аамҭа аан ҳара иҳалшароуп аиаша аҳәара ацәымшәара, ҳмилаҭ зегьынџьара аиаша рдыруазароуп. Иахьа изызҳауа аҿар уаҵәтәи Аԥсадгьыл аԥеиԥш лаша роуп. Дарбанзаалак аԥсуа, апатриот цәанырра злоу, аԥсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба патриотра, аишәа аҿы ажәа ԥшӡақәа…
Март 17 азы имшира азгәеиҭеит аҵарауаҩ-алингвист, аполитикатә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Г.Ӡиӡариа ихьы зху апремиа алоуриат, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа асатәи рминистр, Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астатегиатә ҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виачеслав Чрыгба.
68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа. Заур Иван-иԥа Шьалашьаа диит 1957 ш. февраль 28 азы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1974 шықәсазы далгеит Ҷлоутәи абжьаратә школ. Уи даналга аҵара иҵон Аҟәатәи аиндустриатә техникум аҟны.
Ишдыру еиҧш, еиҧш Урыстәылатәи Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Урыстәыла Ахадас иеиҭалхра Аҧсны имҩаҧысуан март 17 азы. Зынӡаск Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иаартын алхырҭатә ҭыҧқәа 30.

Игәыҭшьаагахаз амш

15 Хәажәкыр 2024 08:43
Ишдыру еиҧш, март 15-16 Аҧсны жәлар рзы игәыҭшьаагоу мшқәоуп. 31 шықәса раҧхьа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ишьаарҵәырахаз ажәылара хашҭшьа амам. Март 15 аҽны есышықәса ишыҟарҵало еиҧш, иҭахаз аҷкәынцәа анышә иахьамадоу Аҟәа, «Ахьӡ-Аҧша» апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит: Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа,Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб,Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак аиҳабы Сергеи Шамба, Аҧсны…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me