Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аҟәатәи ашколқәа рырҵаҩцәа гәыԥҩыки Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Наур Нарманиеи идикылеит. Урҭ Аԥыза-министр жәабранмза 8, 2024 шықәсазы Аԥсны аҵара Аминистрра иҭнажьыз Адҵа­ № ­21 ина­маданы Аԥсны арҵаҩратә еилазаара, абжьаратә школқәа рырҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәагьы уахь иналаҵаны, еицҿакны рзанааҭтә гәаанагара ахьаадырԥшыз аҳәамҭа ирҭеит. Иарбоу Адҵа ала, аҵара Аминистрра «амаҭәар «Аматематика: алгебреи агеометриеи 9-тәи акласс аҿы», иара убас…
Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи ареспубликаҿы абылтәы азымхара аԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны, Аминистрцәа Реилазаараҿы «Ареспублика абылтәы џьармыкьа аҭышәынтәаларазы аамҭалатәи ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара рыдыркылеит.
Аиашьа дыӷәӷәоуп аиашьа ила, ҳаргьы иахьа ҳ-Аԥсны хәыҷы иахалашо амра, иҳамоу аҭынчра зынагӡахомызт аҳәынҭқарра дуӡӡа Урыстәыла ажәҩа ҳаҵанамкызҭгьы.

Аҧсны аҿар рфорум

14 Хәажәкыр 2024 07:53
Март 12 рзы Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара ахыбраҿы имҩаҧган Урыстәыла Ахадас Владимир Владимир-иҧа Путин иалхра аламҭалазтәи Аҧснытәи аҿар рфорум. Уахь инаҧхьан Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аминистрцәа, аҵарауаа, астудентцәа, аҿар.

Зажәеи зашәеи еинаало

13 Хәажәкыр 2024 13:46
Абаҩхатәра злоу аестрадатә шәаҳәаҩы Џьими Шәманиа ирҿиара бзиа избо, инаигӡо ашәақәа згәаԥхо, ҷыдала ихьӡ гәцаразкуа азыӡырҩцәеи ахәаԥшцәеи маҷҩым.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me