Усҟан ауп уи ауаҩ дахьыҟоу ақалақьаҿицынхо иуаажәлар рхаҭарнакцәа ирлас-ырлас рбарадазгәышьуа даналаго. Нас уаҟа иҿиоит имилаҭ рхаҭарнакцәархеидкылақәа, реилазаарақәа. Ус еиҧш аҧсуаархаҭарнакцәа еидызкыло аилазаара бзиа жәытәнатә аахысиҟоуп Москвеи Санкт-Петербурги. Ари аочерк аҟныдышәсырдырырц сҭахуп аҭоурых ду змоу ақалақь ФырхаҵаСанкт-Петербург акыр шықәса раахыс инхо, зыҧсадгьылгәыла-ҧсыла иамадоу, зыуаажәлар зхы рыхҭнызҵо, дызлоуауааҧсыра гәык-ҧсык ала бзиа ирбо, ауаҩы аамсҭашәа РауфҬархәына-иҧа Аиба.
Сара занааҭла ссахьаҭыхҩызҭгьы, Рауф Аиба ихаҿсахьаҭысхуан абас еиԥш: ихатәроу, зоура ҳараку, аԥаҵа шкәакәазҿоу, зхы-зҿы зхаччо, аха зыблақәа алабжыш рху иакәны. «Избан иблақәа алабжыш зырху?» ҳәа аӡәыр дҵаауазар, уииаҭакны исҳәоит – Рауф Ҭархәына-иԥа иԥсадгьылииуаажәалари рыӡбахә аниҳәо есымша илақәа лабжышлаиҭәуеит, избанзар уи ицәа-ижьы ианыруеит идгьылиахнагахьоу, ижәлар ирхыргахьоу, амыҟәмабарақәа. Рауфихаҭагьы идунеи зегьы злеибарку иԥсадгьыл ала ауп, уидызхаанны иԥсадгьыл аҟны имҩаԥысуаз зегьы рыгәҭадгылан, иԥсадгьыл агәеисыбжь инапы ақәкын, иақәкупиахьагьы.
Рауф Аиба изныкымкәа иҿцәажәарақәа мҩаԥызгахьеитСанкт-Петербург, иԥсҭазаара иазкны иаԥысҵахьеитадокументалтә фильм, сышәҟәқәа рҟны икьыԥхьуп иараизку аочеркқәа, сархив аҟны ирацәоуп авидеонҵамҭақәа, афотосахьақәа ихаҿы гәылҭәааны иаазырԥшуа. Урҭ зегьыааидкылан алкааа рзызуазар ҩажәак рыла – амра злыԥхоауаҩы ҳәа сҳәарц сылшоит.
Рауф раԥхьатәи иҿцәажәара мҩаԥызгеит 1996 шықәсазыСанкт-Петербург Васильевски остров аколонна дуқәа рҟны. Уи аахыс акыр шықәса шҵхьоугьы слымҳа иҭыҩуеит усҟанииҳәаз ажәақәа. Иаазгоит иара ишиҳәаз ала, ԥсахракамҭақәа.
«Любовь к родине – это основное чувство моей души, это смысл моей жизни! У нас, живущих вдали от родных краёв, тяга к родине в тысячи раз больше, чем у живущих там постоянно. Чувство к родине усиливается на расстоянии, вне родины мы больше осознаем нашу неотъемлемую связь с ней. Я считаю, что без любви к родине – это как тело без души!.. »
Рауф Аиба диит 1934 шықәсазы Ешыра ақыҭан. ИанОҭырԥҳан, Шьамина лыхьӡын. Уи Рауф даниуаз ахшараурадахыԥсааит. Иаб Ҭархәына ҩынтәны аҭаацәара далалеитРауф фышықәса анихыҵуаз. Рауф инаҩс аҩнаҭаҟны иит: Едуард, Платон, Алиа, Рада.
Рауф дзыхшаз иан лыԥсра адагьы ҩаԥхьа ари аҩнаҭаҟныиҟалеит даҽа рыцҳара дук. Ҭархәын харада ахара наидҵандҭаркит аполитикатә мзызқәа дырхырҟьаны. ДахыганИакутиатәи алагерқәа рахь, аха иҟаз зегьы ихганыдхынҳәит Сталин даныԥсы ашьҭахь, 1953 шықәсазы. Арҭашықәсқәа зегьы лыхшара аԥшьҩыкгьы, лԥаԥса Рауфдналаҵаны акыр џьамыӷәа лыхганы лхала заҵәы рааӡарадаҿын, ахаҵа усгьы, аԥҳәыс усгьы назыгӡоз Ҭархәынааҩбатәи иԥҳәыс Мадина Ӡыкә-иԥҳа Аҩӡба-Аиба.
Рауф дшыхәыҷыз акыр ауадаҩрақәа ихигеит. Аамҭаказ«жәлар раӷа иԥа» ҳәа дкыдырҟьон, нас аԥсуаа ақырҭуабызшәа дырҵара ианаҿыз аамҭазы итәымыз абызшәаздырҵоз дреиуан. 1959 шықәсазы Рауф Аиба дцеитЛенинградҟа. Аусура далагеит азауад «Электросила»захьӡыз аҟны, аҵарагьы иҵон Ленинградтәи аелектронтәамашьынаргыларатә техникум аҟны. 1991 шықәсаианаркны директорс аус иуан азауад «Нарҭ» ҳәа хьӡысизиҭаз аҟны. Данқәыԥшыз инаркны аҭәанчара дцаанӡа аусахьиуаз аилазаараҿы акырӡа ҳаҭыр, пату иқәын. Рауфимаашьареи, насгьы ԥсыцқьала иусуреи ирыбзоураныдҟалеит ихгьы дахәо, ауаагьы дрыхәо.
Ленинград даннеи инаркны Рауф Аиба иусура, иҵара, иҭаацәара инарываргылан хықәкы хадас иман ари ақалақьду аҟны инхо аԥсуаа реидкылара, рыԥсадгьыл ргәыазыбылуа рыҟаҵара, рыцхраара. Иара ибзоураны еиҿкаахеитаилазаара «Аԥсны», иаԥҵахеит аԥсуа школ, аԥсуа кәашараахьырҵо агәыԥ убас иҵегьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993 шш.) аупРауф Аиба ипатриотизмра аҳаракра еиҳагьы ианааԥшыз. Санкт-Петербург инхоз аԥсуаа наидыргылан, иара убасегьырҭ атәым милаҭқәа иреиуазгьы наидыԥхьаланы Аԥсныацхраара далагеит, илиршазгьы даараӡа ирацәоуп. Аԥаратәцхыраара, афатә-ажәтә, амедецинатә хархәагақәа, абџьаруҳәа иарбан хкызаалак рҟны, Рауф Ҭархәына-иԥаинапхгарала Аԥсны иазаашьҭыз рацәан. Уи иаҷыданы, Рауфинапхгарала Санкт-Петербург инанагоз ахәцәа рыцхыраарамҩаԥысуан. Убарҭ зегь раасҭа ихаданы Рауф иԥхьаӡонАԥсны имҩаԥысуа аибашьра иазку аиаша адунеи ахьыгӡара. Убри хықәкыс иҟаҵаны, Рауф Аиба ихарџь ала еиҿкааны,Аԥсныҟа иааишьҭит ажурналистцәа ргәыԥ изныкымкәа. Аибашьра шцозгьы иаԥҵан адокументалтә фильмқәа. Убарҭируакуп «Апсны, раненная республика» (ахәҭақәа хԥа рыла ишьақәгылоуи), Владимир Александр-иԥа Фонариоврежиссиорс дызмаз).
Аибашьра аамҭеи уи ашьҭахьи Рауф Ҭархәына-иԥанапхгара зиҭоз аԥсуаа реилазаара «Аԥсны» иалнаршаз еиҳаихарҭәаан иануп, иара 90 шықәса ихыҵра иазкны иҭҳажьызашәҟәы аҟны. Уи ашәҟәы хьӡыс иамоуп «Аԥсуара - это смысл моей жизни» ҳәа. (Санкт-Петербург, 2024.). Ариашәҟәы аӡыргара сыстудентцәа гәыԥҩык сыман салахәынСанкт-Петербург. Уи даараӡа иҳаракны имҩаԥысит. Уаҟаеизаз идырбан Рауф Аиба изыскхьоу сфильмқәарцыԥҵәахақәа. Урҭ руак аҟны Рауф Аиба иҿцәажәарааниҳәаз рҵакы ҵаулаӡоуп:
— Моё сердце погибает за мою землю! Моё сердце не вынесет ещё один удар моей любимой Апсны. Чем дальше от Абхазии нахожусь, тем сильнее моя любовь к родине, тем больнее всё, что происходит там негативное. Эшера – моё сердцебиение, мой умеренный пульс… Апсны — моя колыбель. Будущее Абхазии, конечно, я вижу светлым, солнечным, лучезарным. Вижу в дружбе с Россией, во взаимопонимании, в братском отношении, в братской помощи...
Аԥсни Урыстәылеи реимадаразы акыр аџьа збахьоу, зыуаажәар рыцәгьеи-рыбзиеи рҟны есымша ирылагылоу, аԥсадгьыл агәеисра згәеисроу Рауф Аиба иџьабаа Аԥсныаҳәынҭқарра аиҳабыра иазгәарҭахьеит изныкымкәа. Уидаԥсаны иаҭәашьоуп аорден «Ахьӡ-Аԥша» ахԥатәи аҩаӡара.Игымзааит аԥсуа шықәсынҵыра ду бзиа иаҳбо РауфТархәына-иԥа.
Екатерина Бебиа,
афиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор