Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Аԥсни рнапы аҵарҩит 30 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәеи амеморандумқәа быжьбеи, Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аинвестициақәа – Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба афорум аихшьалақәа ирызкыз аилатәараҿы. Аҵакы ҷыда рыман Аԥсны абизнес ахаҭарнакцәеи егьырҭ атәылақәа рҟынтәи рколлегацәеи реимадара.
Абас ахьӡын Аҟәа имҩаԥысуаз Аҧснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум. Ҳәарада, уаанӡагьы имҩаԥысхьан аекономикатә форумқәа, аха ари аҩыза амҽхак ҭбаа змаз, раԥхьаӡа акәны», - абас ицәажәара далагеит Жәларбжьаратәи афорум инашьҭарххны уи Аԥсны азы аҵаки, анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәеи, афорум иаанагараны иҟоу алҵшәақәеи ахҳәаа рызҭаз атәыла ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Мышқәак раԥхьа ҳмилаҭтә ҟазара ӡырыргон «Танцы над Эльбрусом» захьӡыз Жәларбжьаратәи афестиваль аҟны ансамбль «Гәында». Ахәаԥшцәа хызхыз, акраамҭа ҳмилаҭтә музыкатә рҳәагақәа ирхылҵуа ашьҭыбжь хааи аԥсуа жәлар рашәақәа рымчхареи ргәы иҭнымҵәо ихынҳәит Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа напхгара зылҭо авокалтә инструменттә ансамбль «Гәында».
Арежиссиор Дауҭ Логәуа инапхгарала иаԥҵоуп анимациатә проект «Аԥсны аҭоурых» зыхьӡу афильм.
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи! Аԥсны аҳәынҭқарра апрокуратура аусзуҩ имш инамаданы гәык-ԥсыкала адныҳәалара шәыдышәкыл!

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me