Зхықәкы иацәхьамҵуа

Гыц АСԤА (Леуанти Гыцба) – 80 ш.

Аҧсуа шәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы Леуанти Борис-иҧа Гыцба (ҧсевдонимс имоуп Гыц Асҧа) диит 1945 ш. ииун быжьба рзы Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭан. Ианашьоуп Леон иорден (2000). Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1997), ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа алахәыла (2003).

Аҵара иҵон Бзыҧҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны (1953-1964). 1964 ш. аррамаҵура ашҟа иҧхьоит, иуалҧшьа наигӡон Мрагыларанаскьатәи афлот аҧырҩцәа реилазаараҿы, 1965 ш. аррамаҵура аанижьит игәабзиара аҭагылазаашьа инамаданы. 1969-1974 шш. рзы аҵара иҵон А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-англыз ҟәша аҟны. Ленин истипендиа иоуан. Астудентцәа рыҭҵаарадырратә гәыҧ ахантәаҩыс дыҟан. 1974-1991 шш. раан – Бзыҧҭатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны аҧсуа бызшәеи, алитературеи, англыз бызшәеи дирҵон.
Л. Гыцба аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. 1977ш. «Аҧсуа шәҟәы» знапы аҵазҩыз 130-ҩык дыруаӡәкуп. Декабр 10 рзы (Қырҭтәылатәи ССР Аконституциа ҿыц анрыдыркылоз, уи аҟны Аҧсны Автономтә Республика аҳасабала Қырҭтәыла аилазаараҿы иаанхон) ашәҟәы шьҭын СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми, КПСС Ацентр Комитет Аполитбиурои, хаҭала КПСС Ацентр Комитет Амаӡаныҟәгаҩ хада Л. И. Брежневи, РСФСР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы М. А. Иаснови рышҟа. Ашәҟәы знапы аҵазҩыз афактқәа маҷымкәа иааргон аҧсуа жәлар рзинқәа рҿаҟәара иазкны, иазгәарҭон Аҧсны автономиа Қырҭтәыла алазаарала, Аҧсни аҧсуааи рақырҭуатәра аполитика шымҩаҧысуаз хықәкыхырхарҭала ареволиуциа ашьҭахьтәи аамҭақәа зегьы раан. Ашәҟәы СССР Иреиҳаӡоу Асовет VIII асессиеи Апрезидиуми рҟны ианроу, Е. А. Шеварднаӡе дызхагылаз Қырҭтәыла анапхгара рахь ирышьҭит, аҵыхәтәаны Аҧсныҟа иаашьҭын. Ашәҟәы ӷәӷәала иақәӡбеит Қырҭтәылеи Аҧсни рнапхгарақәа, «асовет политика иаҿагылоит», «апартиа иаҿагылоит» ҳәа азыҧхьаӡаны. Ашәҟәы знапы аҵаҩыз ирықәымчуа иалагеит. Аха аҧсуа жәлар рҵеицәа рыхьчеит, Лыхны ақыҭан ажәлар реизара мҩаҧыргеит, Аҧсны анапхгара рахь агәрагара мап ацәыркит.
1980 ш. сентиабр азы Л. Гыцба дырбаандаҩын, Қарҭ, Қырҭтәылатәи ССР Ашәарҭадара Аҳәынҭқарратә комитет абахҭа дҭаркит. Акоммунист партиа далцан. Фымз рышьҭахь иус аӡбараан ихаҭа дықәгылеит дырҿагыланы. Ихы дақәиҭтәын ахьырхәра идҵаны.
1980-тәи ашықәсқәеи 1990-тәи аш­ықәсқәа ралагамҭеи раан ашәҟәыҩҩы амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара дшалагылац далагылан, ауаажәларра-политикатә еиҿкаара «Абрыскьыл» акомитет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс дыҟан. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Бзыҧҭатәи, нас – Гәымсҭатәи афронтқәа ркомиссарс дыҟан. Аиааира ашьҭахь ихатә ус еиҿикааит, аха алитературатә рҿиареи иареи еилеигӡон.
Л. Гыцба арҿиара дазхьаҧшит 1970-тәи ашықәсқәа инадыркны. Раҧхьатәи иажәабжь «Аламыс» кьыҧхьын ажурнал «Алашара» аҟны (1977). Убри ашықәсан «Амцабз» ианылеит иажәабжь «Аишьцәа». Ашьҭахь арҭ аҭыжьымҭақәа ирнылеит иажәабжьқәа жәпакы, ироман «Аиҭарҿиара» ацыҧҵәахақәа.
Л. Гыцба еиҳаракгьы дыҩуеит ароман ажанр ала, егьҭижьхьеит жәа-романк иреиҵамкәа.
Аҟәа иҭыҵхьоу ишәҟәқәа иреиуоуп: Аихырҿиара. Ароман. 1984; Кьараз. Аҭоурыхтә роман. 1989; Аҳақ шықәса. Ароман-мшынҵа. Актәи ашәҟәы. Аҧазаҵәқәа. 1977; Аҩбатәи ашәҟәы. Аҧышәарҭа. 1988; Ахҧатәи ашәҟәы. Агәнаҳаи аҳақи. 2001; Ҩ-романк. Аҧсҳара. Аҭоурыхтә роман. 2005; Ауыра мҩа. Ароман. 2008; Аҧсуа шәҟәы. Ароман. Актәи ашәҟәы. Аигәныҩра. 2011; Аҩбатәи ашәҟәы. Абахҭа. 2012; Ҽнак, 1989 шықәсазы. Ароман. 2014; Ҩ-романк–4. Ароманқәа. 2023 (ари ашәҟәы иагәылоуп ароманқәа «Астадион», «Аиқәгәыӷрақәа»).

Агәҭахәыцра хьанҭақәа

Аҵара шықәса анҵәамҭанӡа даҽа ҩы-мчыбжьа инареиҳан. Уи аҽны амш бзиан, макьана ишааԥынразгьы аԥхын еиԥш аӡҭалара ааугәаԥхарын, амала, амш зеиԥшраз инақәыршәаны, згәабзиара аҷыдарақәа мҩақәызҵоз Леуанти икостиум еиқәа иаҵаз икьаҿ шкәакәа агалстук уажәгьы иеиҭон. Уи, шьыбжьон ааскьацԥхьаӡа, ашоура дшакуазгьы, макьана усҟатәи иҽеилихӡомызт азы, аҧхӡы анааилнахуаз ыҟан. Аҵарамш иаламгаӡацызт, аҵәҵәабжьы дазԥшны иуадаҿ дыштәаз, дааҩналеит Ԥсардиа Лиуфа. Арҵаҩы иҿаԥхьа игылаз апартаҿ днатәеит.
– Бзыԥ ихыу ажәытә цҳа аҿаԥхьа, ацаҟьа аҵаҟаҵәҟьа, ак дыргыларц иаҿуп уҳәартә избоит.
– Изакәи идыргыло?
– Уи здырхуандаз! Изҿу еилыркаарц иразҵаауа автобус аангыларҭа ҿыц ҳаргылоит ҳәа рарҳәоит. Иаха уа снеин, игәасҭеит. Автобус акыр еиҿыркаауама уҳәартә изымбаӡеит. Баҟак акыр еиҿыркаауама сҳәартә избеит. Шаҳԥырхагоу ак рхәыцит ҳәа сыҟоп.
– Избан ус угәы изаанаго? – Ус акәымзар, изҿу здырмаӡои?
– Аангыларҭа ҿыц ҳәа уарымҳәеи. Ус акәгәышьазар?
– Иахьа шаанӡа уа сеиҭацеит. Иаалырҟьаны ак ықәдыргыларц рҽазыркуашәа збахуеит.
– Цқьа еилаҳкаароуп. Иаарласӡаны… Амца иҕрарҵазшәа, амцаԥшь неиҿықәлеит Леуанти. Аԥсуара иазеицәаз ак шырӡбоз агәра игон. Раԥхьатәи аурок шизымҩаԥымгоз абарҵаҿ изԥшыз ахәыҷқәа инареиҳәан, длалбааҟьеит. Лиуфеи иареи шыццакуаз мацара амҩаду иҩанылеит. Ирдыруаз ныҟәцаҩык дааныркылан, имашьына инҭалан, ахы ахьирхашаз наиарҳәеит. Иахьнеишаз аҭыԥ аҿынӡа ҩ-километрак бжьан. Шьыжьнатә Гәдоуҭеи Аҟәеи ицоз амашьынақәа ирылагылан ишҩеиуаз иаарылҵын, Риҵаҟа зхы хаз амҩа иҩанылеит. Аԥсҭа иахьыҩҭагылоз, Бзыԥ ихыз ацҳа аҿаԥхьаҵәҟьа, ахра иалиаазшәа, иаҿаҟаҵаны иқәдыргылахьан амармалташь обелиск. Ибла агәра изымго, Леуанти, амашьына дҭыҵаанӡа, даԥхьон: «Летом и осенью 1942 года по этой дороге уходили к горным перевалам через озеро Рица в бой с фашистскими захватчиками части 46- ой Армии генерала К. Леселидзе». Амашьына иҭатәаз рԥсахы шеибакуаз здырыз аусуцәа рус иалганы итәан, еибарччон, ирзааиз инарыхәаԥш-аарыхәаԥшуа. Леуанти амашьына асаркьа длахеит.
– Иарбан организациоу ари зыргыло? – уи дизҵааит зԥаҵа еиқәаҵәа зҿабабаз аусуаҩы.
– УШСДОР.
– Рхала идыргылану?
– Ақалақьтә нагӡком адҟала. Иаанагоз аилкаара уадаҩӡаны, Леуанти ихы ԥшьаала иааиҟьеит, «ус акәхап», – иҳәозу, «иалҵуа жәбап», – иҳәозу, «ҿыц ҳаилажәгоит», – акәзу. Аныҟәцаҩ шьҭахьҟа дхынҳәырц иеиҳәеит. Ашкол аԥхьа илалбааит. Аҵара иаламгацызт. Убас иаалырҟьаны иааргеит дара ажәабжь ҿыц.
– Иҟаҵатәузеи? – дазҿлымҳан Лиуфа.
– Ҳазхәыцроуп, – иҳәан, дышиашаз имааицыз Кьахьыриԥа икабинет дныҩналан, ақалақьтә комитет аидеологиа аҟәша аиҳабы Лев Лакербаиа ателефон дизасит. – Леселиӡе ихьӡ зныз аобелиск аԥсҭа уахьҭало ишдыргылаз удыруама?
– Исыздырӡомеи, – уи ишџьеишьаҵәҟьоз изыҵәахуамызт. – Сара исывганы еиҿыркааит, удыруоу!
– Иҟоу уасҳәап, – Леуанти ибон аобелиск аргылара маҷк згәы аԥсышәала ицҳафыруаз ирывгаҵәҟьаны ишаҿыз, – ари аус ҳара уаҳа ҳалацәажәаӡом, иакәым ак ҟаларгьы алшоит, ишықәдыргылаз еиԥш иқәыргар иаҳа иеиҕьын.
– Иҟалақәаз еилыскаап, – ҳәа илымҳа ианааҭыҩҩ, Леуанти атрубка нықәиҵан, дындәылҵит.
Дшаауаз ахьырбоз иқәыԥсычҳауаз ахәыҷқәа ахԥатәи аихагылахь иҩеирц нареиҳәан, днараԥхьагылеит, иара иаԥхьа дара еибарыҩрын ҳәа уҟазу. Аурок ҟалаӡом ҳәа анреиҳәа нахыс, изламеиԥхьыттаз џьоушьарын. Ауада, ашә шааиртызҵәҟьа, аҵәҵәа ааҟалан, аҵаҩцәа ааҩнашылан, илатәақәеит. Иара ахышәи ашәи дрыбжьан изыҭшәараханы. Ихы инапаҿы иааигарц, ахәыҷқәа рыхьӡынҵа ааиртын, даԥхьон, иҟази иҟамзи еилиргарц. Ашьҭахь аӡәы дааиԥхьан, аҵатәхәы иирҳәеит. Ахәшьара ииҭеит иагьыҳаракымкәа, иагьыларҟәымкәа. Уи ииҳәоз дазыӡырҩуамызт, иашамыз ахәшьара изықәиргылар аҵаҩцәа иргәамԥхар ҳәа дацәшәон. Диԥхьеит даҽаӡәы. Аҵатәхәы иҳәон, ҿыц уи дзизыӡырҩуамызт.
Риҵанӡа шәарыцацәақәак мцозар, Бзыԥ аԥсҭа уҭаланы, генералк инапаҵаҟа иҟазаашаз ар злахәнугашаз мҩа ыҟаӡамызт. Иаҕьы Бзыԥ иахьалалоз инаркны, шәарах мҩахәасҭан илгаз, есааԥны еималон акыр, алсра цәгьаны. Салдаҭкгьы арстәиала Риҵанӡа дзымхәнаӡеит аибашьра иалагӡаны, уи Леуанти изымдыруазар издыруадаз, аинформациа? Абраҟа имҩаԥысуаз аибашьра асовет мчы ашьақәыргылараз ақәԥара аамҭаз акәын ианыҟалақәаз кьаразааи ақырҭқәеи рыбжьара. Уи аибашьра иагьхақәиҭра еиҿагыларан зегь раԥхьаӡа. Кьаразаа рбаҟа аргылараз азҵаара шьҭырхырц арԥарцәа ргәы иҭан, аха рҿахәы аҕәҕәахара аамҭа иазԥшын, ахьӡаха рырҭомызт умҳәозар. Аиҳабыра даара иҷыгәӡа ирдыруан, иара дызлахәаԥшуаз ала, кьаразааи ақырҭқәеи реибашьра аӡбахә, убри амч дырӡуан, ақырҭуа генарал ихьӡ зҳәоз аобелиск абраҟа аргыларала. Уи аус рхы иархәаны, даҽа жьакгьы ркуан. Леселиӡе ихьӡ аҭыԥ знык ирзадҳәалар, аԥсҭа иҭгаз амҩа ихьӡ ахырҵон. Зны ираионыз, ашьҭахь қарҭаа рнырра иаҳа иҕәҕәахарц, араион шынеибакәыз ареспублика анапаҵаҟа иҟаз қалақьны ишьақәдыргылаз Гагра амраҭашәаратәи ахәҭа аҳабла Леселиӡе ахьӡыртәхьан. Убри аҳабла қалақьыртәырц ақәҵара цон, макьана ирықәымҿиацызт акәымзар. Знык аҳабла Леселиӡе қалақьхар, уажәгьы ирамхаҳәақәон Леселиӡе араион ҟарҵарц ргәы ишҭаз, ақалақь Гагра убри араион аҵаҟа иҟарҵарын. Уажәы араион алагамҭа ақыҭа Бзыԥҭа иавсуаз аӡиас иавгаз амҩа ихьӡ ахырҵар, араҟа, аобелиск ацынхәрас, ибаҟа дыргылар, џьабаа дук аҭаххозма ақалақь Гагра Леселиӡе ҳәа ирԥсахырц? Ҳахьӡ зхыз Гагра заҵәыкгьы ахырхуан.
Леуанти знык аурок нҵәандаз ҳәа дгәаҟуан, аҵәҵәабжьы аниаҳа, иԥсы ааивигеит. Аҵаҩцәа рҽеизыргон, иҩныҵуан, даҽа џьоукы рҭыԥ ылырхуан, урҭ иара ибаӡомызт, избанзар ишьҭахь ашә ахь ихан, ахышә дкылԥшуа дахьгылаз. Адырҩаҽны Аиааира иамшын. Иаԥхьаӡомызт. Аҽны, аҵарамш анҵәамҭаз, иалагон уи аныҳәа. Уԥшишь, убри амш иақәыршәаны аобелиск шдыргылаз! Изгәамԥхоз ҿырҭрымызт ҳәа игәыҕуан. Иагьа умҳәан, арепрессиақәа аԥсуаа хәаҽны иаман, Аиааира амш иаҿагылозар (асовет генерал Леселиӡе ихьӡ ахьаҳәоз аобелиск аҿагылара убри аҳәозшәа аԥшра усгьы иарҭон) асовет мчы аҿагылара иаҩызантәа. Арахь ЦК КПСС Амаӡаныҟәгаҩ Хада Л.И. Брежнев агенерал Леселиӡе дызхагылаз 46-тәи Ар аполитотдел аиҳабыс дыҟан. Абарҭқәа зегьы еидҳәалан, рҿагыларагьы имариа усмызт ҳәа акәӡамызт иаанагоз, зынӡак иауамызт. Иазыӡбатәызи?.. Ари азҵаара ихы иҭагьежьуан, иҭахынҳәуан. Уамашәа иубашаз, аобелиск аартра ныҳәак еиԥш иаԥыларц ргәы иҭаӡамкәа иҟамызт, аха ҿаҳа-дагәара уны, маӡала иқәдыргылеит, акы иацәшәон азы. Ус ԥшьшьала ауаа рылаԥш ашьцылар рҭахын. Зегь раԥхьаӡа, ишьақәдырҕәҕәарц ирҭахыз афакт шҵабыргымыз рцәыҵыҵыр ҳәа ишәазар? Ус акәзар, иаҳагьы ииашахон џьара ак азыӡбазар. Иазыӡбатәызи?.. Азакәан ԥшра аҭаны, аиҳабыра рыла аиаша уԥшаарц уашьҭалар, акгьы узалхуамызт, избанзар дара ракәын иқәзыргылаз, ирхьчалон рпозициа аҵыхәтәанӡа. Урҭ акыр ҟарҵозар – ателефон Лев Лакербаиа дизамыси, еицәажәаны иқәыргааит. Ус иауамызт, Леуанти дхәыцуан. Уи иҭагылазаашьа зныруаз ахәыҷқәа ҭынч изтәомызт. Ахԥатәи аурок анҵәамҭа маҷк шагыз, аҵаҩцәа ауишьҭын, ихаҭа длалбааит, Кьахьыриԥа дааихьазар еиликаарц.
(Ароман «Аԥсуа шәҟәы» аҩбатәи ахәҭа «Абахҭа» ацыԥҵәаха).

Гыц Асԥа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me