Аԥсны жәлар рартист,акомпозитор,адирижиор Нодар Ҷанба инапхгарала акапелла алахәцәа инарыгӡеит аԥсуеи аурыси жәлар рашәақәа реиԥш,адунеи аҿы бзиа еицырбахьоу аклассикатә, авокалтә, адоуҳатә аԥҵамҭақәагьы .
Ақәгылара иаҭааз ҳтәыла асасцәа реиԥш аԥшәмацәагьы,гәахәара ҳаракыла ирыдыркылеит, бжьы хыркыла инагӡоу ашәа хаақәа аҽыргәылахалара мацара акәымкәа, зҭоурых ашәышықәсақәа рдац-ԥашә иаларсу аԥсуа милаҭтә доуҳа ианыҳәахаз ари аусмҩаԥгатә.
Ахортә капелла, зыхьӡ адунеи иахыҵәахьоу Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра иахаҿроу аӡиа аҿықә аҟны ақәгылара, аиҿкаара рыбзоуроуп Хьыбла Возбеи, аҳәырԥсарра анапхгареи.
Иҵабыргны, ауаҩы шәымҭақәак ирыдамзаргьы ихәыцра хьанҭақәа рҟнытә, қьиарала аԥсеиҭакрахь дназго ари аиԥш ашьаҿақәа ҳтәыла иаднахьало рацәаҩхоит.
Иара убас,ауаҩы агәалаҟара ҳаракы изҭо ҭагылазаашьахеит, ҳаешьаратә Адыгьеиа аҳҭнықалақь Маиҟәаԥ азааигәара, атәылауааи уи аҭааҩцәеи бзиа еицырбахьоу, еиуеиԥшым ҵиаа хкыла еибыҭоу, “Мездаҳ”ҳәа иахьашьҭоу абна-баҳчатә ҵакыраҟны, «Абна асимфониа” ҳәа хьӡыс измаз, Адыгьеиатәи аконцерттә еидҵара иахәҭаку, ареспубликатә симфониатә аркестр иаарту ақәгыларагьы . Асимфониа адирижиор хада, Адыгьеиа жәлар рартист А. Хусниаров, асахьаркыратә наԥхгаҩы-Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист А. Семенов. Аоркестр ақәгылара бжьы хаала ихалырҭәаауан ахкынагӡаҩ Д. Умбина .
Амузыкеи аԥсабареи рыбжьы ссирқәа реилаӡҩара, дарбанызаалак игәы арҭынчреи гәыразрала аԥсҭазаара ԥхьаҟатәи аизырҳареи дрызнамырхәыцырц залшом. Баша иурҳәахуа, аҟазара ҳәаадоуп ҳәа.