Аӡбаҩцәа реизара

Ноиабр 2 азы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа реизара.

Арбитражтә усӡбарҭа асаит излаанацҳауа ала, иазыӡырҩын 2019-2022 шықәсқәа рзы акомиссиа имҩаҧнагаз аусура иазкыз Аҧышәаратә комиссиа ахантәаҩы Генри Гамисониа иҳасабрба.

«Аусӡбаратә мчразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 146 инақәыршәаны, аӡбаҩцәа реизара иаднакылеит Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашҟа раҧхьаӡа акәны иалхыз аӡбаҩцәа Екатерина Адлеибеи Беслан Берулааи рҭоуба.

Аӡбаҩцәа реизара ақәҵарала аӡбаҩцәа Рхеилак аилазаарахь далхуп Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Генри Гамисониа.

Азеиҧш ииурисдикциа аӡбарҭақәа рҟнытә Аҧсны аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа алахәылацәас иалхуп Маиа Кәыҵниа, Милана Џьынџьал, Арбитражтә усӡбарҭа аҟнытә – Лиудмила Амҷба, Кама Џьопуа.

«Аусӡбаратә мчразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 160 инақәыршәаны, Аҧышәаратә комиссиа аилазаарахь иалхуп: Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҟнытә Роман Кәарҷиа, Оқсана Ҧилиа, Арбитражтә усӡбарҭа аҟнытә – Аксида Џьениа, Кама Арсҭаа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me