Ермолаи Аџьынџьал изкны

 

90 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит аҵарауаҩы, Аҧсны Жәлар Реизарахь депутатс иалырххьаз, «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Ермолаи Кьасыгә-иҧа Аџьынџьал!.Сҩыза, зыгәра згоз, акыр шықәса аус еицызухьаз, асоветтә аамҭазы акыр аџьабаақәа еицызбахьаз, ҳажәлар рықәҧараҿы ирыхәашаз аусқәа ирызкны – амаӡа зыбжьаз, иагьыназыгӡоз иҧсӡы ансаҳа, даара сгәы далсит.

Ермолаи Аџьынџьал иҳаҩсыз ашәышықәсазы, 30-тәи ашықәсқәа дрылиааит. Усҟан, Сталин мчыла Аҧсны Қрҭтәыла иалеиҵахьан, Қарҭтәыла напхгаҩыс Бериа дҟалахьан. Ермолаи диит, изҳауан, Нестор Лакоба раҧхьа днаргыланы, аҧсуа жәлар ашьаарҵәыра ианҭадыргылаз, агеноцид, аетноцид  анырзыруаз ашықәс бааҧсӡақәа рзы…

Иара асоветтә аамҭа зегьы рзы, дарбан аҧсыуазаалакь, ламыс змаз, агәаҕь зызҭаз, Аҧсны имҩаҧысуоз ауаажәларра-политикатә хҭысқәа дмаӡрыжәыр ҟалаӡомызт. Ермолаи Аџьынџьалгьы ус ихьит.  Насгьы, «Аҧсуа ашәҩык» рыҽқәа ргәыҧ даланы, Актәи адунеитә еибашьра иалахәыз, Кьасыгә Аџьынџьал илаз игәаҕь, игәымшәара – иҧа Ермолаи иахьгьы имиасыр ҟалаӡомызт. Иаб икәал иахҟьеит уҳәаратәы: Аҧсны имҩаҧысуаз арҭ аҭагә-ҭасрақәа, аҧсуа жәлар даараӡа ргәамҵрақәа, иара аҳәынҭқарратә-политикатә еибарххарқәа раангьы, Ермолаи – еицакра иқәымкәан, ҧсуаҵас ихы аарҧшны – дықәҧон, иацыз ауадаҩрақәа дырҧылон, ихигон хаҵаҵас. Иара еиҧш, егьырҭ аҧсуаа ҕьеиҩцәагьы рыжәлар рзы имықәҧар ада ҧсыхәа рмоуа аамҭа иҭазыргылозгьы,  урҭ ауадаҩрақәа зегьы зхылҿиаауазгьы – усҟан Аҧсны иахаҧаз ақырҭуатә колониализм акәын.

Сара Ермолаи Кьасыгә-иҧа дахьыздырыз, аус ицызуа сахьалагаз Аҧсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны ауп. Сара саҧхьа уа аусура далагахьан. Зегь рацкьысгьы, иареи сареи ҳаиднакылыит, ҳагәра еибаго ҳҟанаҵеит – 1978-тәи ашықәс!.. Уи ашықәс аан имҩаҧысит, ҳаҧсуа жәлари, ҳаҧсадгьыл Аҧсны рзы,  даараӡа зҵакы ҕәҕәаз аҳәынҭқарра-политикатә, ауаажәларратә хҭыс дуӡӡақәа.  Аҧсны имҩаҧысит Лыхнытәи, Ҧақәашьтәи, Тҟәарчалтәи, Аҟәатәи Аҧсуажәларзегьтәи реизара дуӡӡақәа!.. Даҽа аамҭанык еиҧшымкәан, уи ашықәсан аҧсуаа иҵарӡаны иқәдыргылыит «Аҧснытәыла – Қарҭтәыла алгара!» азҵаара! Уи ашықәсан ирыдыркылараны иҟаз «Аҧснытәи АССР Аконституциа» аҟны,  ус еиҧш иақәиҭызтәуаз ахәҭаҷ аларгаларц рыӡбит: хацәнамырха ҳажәлар рхаҭарнакцәа қәҧеит! Имҩаҧыргеит – Аҧсуажәларзегьтәи напылаҩыратәи Ареферендум. Имҩаҧган аполитикатә акциақәагьы – сентиабр мзазы инаркны, жәахәымш аҧсуаа русурақәа рахь рҭымҵрагьы уахь иналаҵаны.. Аха, илҵшәадахеит. Зегьы зхылҿиааз, 130-ҩык аҧсуаа ҕьеиҩцәа рнапы зҵааҩыз, Москваҟа, СССР анапхгарахь иаҳшьҭыз «Аҧсуа шәҟәы» акәын! Уи аамҭазы, зыгәаҕьра даараӡа ицәгьаз, ишәарҭаз, уи ашәҟәы инапы аҵаҩын Ермолаигьы…

Урҭ ашықәсқәа рзы, Қарҭтәыла иахагылаз, Бериа иҧынҵа икылҟьаз – Едуарад Шеварднаӡе иакәын. Ииҭахыз, ишиҭахыз Аҧсны иалеигӡо, иалиршо дыҟан. Аҧсны ас еиҧш имҩаҧсыз ахҭысқәагьы – аҧсуаа рхаҭа ирхарастәуеит ҳәа далагеит. «Аҧсны Қарҭтәыла алгара!» азҵаара зынӡа ацәыргара ҟалаӡомызт, ишәарҭаӡан. Ақырҭқәа уи раҳар – иааҧкуа.  Шеварднадӡе  иакәзар - «Аҧсуа шәҟәы» зҩыз, знапы аҵазыҩыз, насгьы – Аҧсны зыхдырра ҳаракхаз аҧсуа интеллигенциа ргәаҕ кны иман. Рнырҵәара дазхиан!.. Аҧсны дааны, апартиатә еизара дук аҿы – «Мы знаем, кто мутит воду в Абхазии! Их не более двадцати человек! Мы уберям их, и, в нашеҟ Абхазии будет порядок!» – иҳәахьан, иара… Аха, усҟан, 20-ҩык ракәӡамкәан, 32-ҩык аҧсуаа «алҟәшәааны», ақырҭуа бахҭаҟны иҭеикырц ииҭахыз, рсиа шьақәырҕәҕәаны иман… Урҭ рҭакраҵәҟьа изалмыршеит умҳәозар. Уи асиаҿы раҧхьа ианқәаз Ермолаии сареи ҳажәлақәа ракәын.

Ермолаи Аџьынџьал дызлахәыз ахҭысқәа зегьы, ара исымоу аамҭа иалагӡаны,  рылацәажәара даараӡа ицәгьоуп. Аха, иара иҽазҵәылхны, ҧымкрада, аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далахәын. Ермолаи иҩызцәа реиҧш иқәҧоз аҧсуаа рыҷкәынцәа ирыбзоуроуп ҳаҧсуа жәлар иргаз Аиааира, иахьа иҳамоу Ихьыҧшым, Иазхаҵоу Аҧсны Аҳәынҭқарра!.. Уи еиҿкааҩыс даман аҧсуа жәлар Рҧыза, иахьатәи Аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз, ауасхыр азышьҭазҵаз, 1990-2004 шықәсқәа рзы Ихьҧшым Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада  Владислав АРӠЫНБА!..

Ермолаи Аџьынџьал разҟыс иман Владислав АРӠЫНБА дуӡӡа аус ицура. Избанзар, далхын, усҟан Арӡынба напхгара зиҭоз, аҩбатәи ааҧхьара иатәыз, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь депутатс. Ермолаи инапы аҵаҩҩуп октиабр мза, 1999 шықәсазы Аҧсны Апарламент иаднакылаз Ақәҵара – «Аҧсны  Ихьыҧшым Ҳәынҭқарроуп!»  зҳәоз Ашәҟәы-Ақт.

Иара убас, Ермолаи Аџьынџьал иразҟы иалан асоветтә аамҭазы дыззықәҧоз рылҵшәа бзиақәа лабҿаба рбара. Уи далабзазан аҧсуа жәлар – рыҧсадгьыл Аҧсны иаҧшәыманы рыҧсҭазаашьа, далахәын арҿиаратә, аҭҵаарадырратә ус, акыр шықәса инеиҧынкыланы даҿын Аҧсуаҭҵаарадырразы («Абхазоведение») аусумҭақәа азаҧҵара. Иареи сареи Аҧсуаҭҵааратә  институт аҟынгьы, аҭоурых аҟәшаҿы аус еицаауан. Еиҳа иалкааны иҭҵааратә усумҭақәа ирылскаауоит – Аҧсны ақьырсианра алаҵәара, аҿиашьақәа ирызку истатиа неиҵых…

Ермолаи Аџьынџьал, аҵара дуқәа зҵаз – ҩыџьа аҧацәа драбуп.  Аиҳабы Леон ихьӡитәит, «Аҧсны ҟьаҟьа дуӡӡа!» ҳәа изышьҭаз атәылаҿы, «Абазгаа раҳра» аҟны, VIII-тәи ашәышықәсазы Аҧсҳас иҟаз – Леон ихьӡ! Иҧа аиҵбы иакәзар, ихьӡиҵеит Рисмаг ҳәа, антикатәи аамҭазы абазгаа раҳ ихьыӡ – Рисмаг!.. Ас еиҧш зҧацәа ахьыӡқәа рызҭаз, Аҧсны аҭоурых здыруаз, пату ду ззақәыз, иахӡыӡаауоз, Аҧсны иапатриот иашаҵәҟьаз иоуп!..

Раб, Ермолаи имшра иҧацәа ирзынхааит! Урҭ раб иниҵыз ашықәс еиҳаны инырҵааит! Иниҵыз ашықәс маҷын ҳҳәар – ҳиашахом. Анцәа даҳмырҵәыуап!..

Ермолаи Аџьынџьал уҧсы ҭынчзааит!  Иахьа, ара Аҟәа узмардо анышә узыҟәымшәышәхааит. Уаҟа джуп уҧҳәыс, уҧацәа ран –  Дусиа Ҭарҧҳа, шәыҧсқәа еиқәшәааит! Абзиаразы, сҩыза!..


Игор  МАРЫХӘБА,

аҵарауаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы

27.10.2022 ш

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me