Ашколқәа рзы аҳамҭа

Аҟәа, Москватәи акультура-устә центр «Москва Аҩны» Очамчыра араион ашколқәа асахьаркыратә литература ашәҟәқәа 500 инареиҳаны ҳамҭас ирнаҭеит. Ари алыршахеит Москва Аиҳабыра иҟарҵаз афинанстә цхыраарала.

«Ҳазну ашықәс азы Очамчыра ақалақь ашколқәа ҩба рнапхгара аҳәара ҟарҵеит ашколтә библиотекақәа рзы асахьаркыратә литература аиуразы ацхыраара раҳҭарц. Иахьа урҭ ҳамҭас ираҳҭоит 500 инареиҳаны ашәҟәқәа – аклассикатә, асахьаркыратә литература. Ҳгәыҕуеит, ашколхәыҷқәа ҳҳамҭа ргәаҧхап ҳәа, насгьы аҵара аус аиҕьтәра иацхраап ҳәа. Абри аҩыза ацхыраара ҟаҳҵалоит есышықәса. Иааиуа ашықәс азы ҳгәыҕуеит Гал ақалақь ашколқәеи Очамчыра ақалақь абиблиотека хадеи абасҟак ашәҟәқәа раҳҭап ҳәа», – лҳәеит «Москва Аҩны» аҳәынҭқарратә цхыраарақәа рыҟәша аиҳабы Мариа Соиа.

Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, «Москва Аҩни» Очамчыра араиони рыбжьара аҧхьатәи усеицураны ишыҟам. «Шәара ижәдыруеит уаанӡа Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа хада ишаҳҭахьоу аҳәаанырцә инхо Урыстәыла аџьынџьуаа рыдгылара апрограммала амедицинатә шьақәгылақәа, иара убас ашкол ишаҳҭахьоу акомпиутертә маҭәахәқәа уҳәа егьырҭгьы», – иазгәалҭеит уи.

Абри аусмҩаҧгатә иалахәын Очамчыра араион аҵара аҟәша ахаҭарнакцәеи ашколқәа рнапхгаҩцәеи. Урҭ «Москва Аҩны» анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәеит ирырҭо адгыларазы, иагьақәгәыҕуеит ҳаҧхьаҟагьы русеицура ишацырҵо.

«Ҳашкол аҟны абиблиотека ҿыц ҳамоуп, абарҭ ашәҟәқәагьы ҳхәыҷқәа рзы хәарҭара ду рылоуп. Ҳгәыҕуеит, ҳаҧхьаҟагьы аусеицура ишацҵахо», – лҳәеит Очамчыратәи абжьаратә школ №2 адиректор Илона Дамениа.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me