Лаҵара 17, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҭаҭарсҭан Ахада – ҳтәылаҿы

Декабр 4 азы Аҧсны иофициалтәым визитла дааит Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов. Урыстәылеи Аҧсни рҳәааҿы уи диҧылеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Ареспублика Ҭаҭарсҭан Ахада иаара зыдҳәалоу Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа инарҭагӡаны ареспубликақәа рыбжьара аусеицура арҿиара ауп, иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа усуратә визитла Ҭаҭар­сҭан даҭаахьеит 2022 шықәса ииуль 16 азы.

Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханов раҧхьаӡа акәны Аҧсны аофициалтә визитла даҭааит 2015 шықәса октиабр 1 азы.

Иара убри аҽны Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсныҟа иааз Ҭаҭарсҭан Ахада Русҭам Минниханови рыхәаҧшит Гагратәи Гәылрыҧ­шьтәи араионқәа рҟны аинвестициатә аобиектқәа.

Русҭам Минниханов Аҧсныҟа иаара хықәкы хадас иамоу аекономикеи атуризми рганахьала аимадарақәа рырҕә­ҕәара ауп.

«Иахьа дсасны даҳҭоуп аешьаратә Респуб­лика Ҭаҭарсҭан ҳаҭыр зқәу анапхгаҩы. Ҳаизыҟа­заашьақәа акыр рхыҵуеит. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан, Ҭаҭарсҭан ҳҳәынҭқар­ра хәызмаӡам ацхыраара анаҭон. Убасҟан­тәи аамҭазы ҳтәылақәа рнапхгаҩцәа Владислав Арӡынбеи Минтимер Шаимиеви рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еизыҟаза­ашьақәа иахьагьы ирыцҵахоит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ҳусеи­цура уаҩытәы­ҩсала, економикала ихаҭәа­аларц», – иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа.

Русҭам Минниханов иазгәеиҭеит, ареспубликақәа рыҩбагьы рыжәларқәа даара ишеизааигәоу, Урыстәылазы аиҧш Аҧсны азгьы имариамыз ҧшьынҩа­жәижәа­батәи ашықәсқәа инадыркны. «Раҧхьатәи ҳхада Минтимер Шаимиеви Владислав Арӡынбеи алшарақәа рыҧшааит дара-дара еицхырааларц азы. Ҳәарас иаҭахузеи, ари аиҩызара еиқәхеит. Даара иаҳҭахуп абраҟа ҳаҟазарц, иара убас ҳара ҳреспублика ала Урыстәыла иҟазарц аҧсуа бизнесгьы. Иахьа акыр ҳныҟәеит, ҳрыхәаҧшит аиланхарҭақәа, иаабеит аобиектқәа. Аҧсны Ахада Аслан Гьаргь-иҧа иҟнытә иахьа исаҳаз апланқәа даара ибзиоуп. Агәра згоит, иаарласны Аҧсны ҭыҧ ҧшӡараны ишыҟалауа, избанзар Ҳазшаз уи шәара ишәиҭеит. Мацара иаҭаху агәақәкра, ахшыҩеилаҵара ауп», – иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ахада.

Русҭам Минниханов иҳәеит аинвестпроект бзиақәа рацәаны ишибаз. Уи иажәақәа рыла, даара акраҵанакуеит адгьылҵакырақәа иааидкыланы, насгьы ииашаны рырҿиалара.

Аҧсны атуристцәа здызыҧхьалаша ахаҿсахьа амазароуп, абраҟа зегьы ыҟоуп ауаа рыҧсы ршьаларц, агәахәара роуларц азы», – иҳәеит Ҭаҭарсҭан Ахада.

Иара иазхеиҵеит адунеи аҟны аҧсуа мандари­нақәа иреиҕьу шимбац, Аҧсны аҳауеи аҧсабареи ракәзар, даара ишыманшәалоу.

«Сара аҩызцәа ирыдызгалеит ҳҧышәагьы рхы иадыр­хәаларц. Ҳаргьы активла иҳарҿиоит аинфраструктура, аҧшаҳәа еиҿаҳкаауеит, ҳхы иаҳархәоит жәларбжьа­ратәи аҧышәагьы. Убри шәымаҳдарц ҳҭахуп. Ҭаҭарсҭан – туристтә регион дууп, Аҧсны иаҭаху хыҧхьаӡара рацәала аалыҵқәа раашьҭра иазхиоуп», – иҳәеит Минниханов.

Ҭаҭарсҭан Ахада аешьаратә аҧсуа жәлар ирзеиҕьишьеит ашәҭыкакаҷра.

«Агәра згоит, Аҧсны анапхгара рыгәҭакқәа аҧеиҧш шроуа, иагьшыҵабыргхо», – иҳәеит иара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me