Арҽеиратә усурақәа хацыркын иажәыз адашьмақәа, аҧенџьырқәа, аӡышьҭрақәа реимыхрала. Аргылаҩцәа урҭ рҭыҧан аҿыцқәа ҟарҵоит. Иара убас аҭыӡқәа ршьыхуеит, ирыҧсахуеит афымцамҩангагақәа.
«Ареспубликатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа алабораториаҿы ашьақәгылақәа рыҧсахра азҵаара иҵарны иқәгылоуижьҭеи акрааҵуан. Ашьақәгылақәа аахәан мызқәак уажәаҧхьа, аха ҧхынран, ахәышәтәырҭахь ахәыҷқәа рацәаҩны инаргон. Абри инамаданы иҳаӡбеит ахыбра арҽеира ҭагалан ахь ииаҳгарц. Иахьазы ахыбрақәа зегьы рҟны арҽеиратә усурақәа ирҿуп», – еихишьалеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.