Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Виачеслав Володин: «Аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы шьаҭа бзиоуп»

Аҧсны Жәлар  Реизараҿы имҩаҧысит Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи  Афедерациа  Афедералтә  Еизара  Аҳәынҭқарратә Дума  Ахантәаҩы  Виачеслав  Володини реиҧылара.

Асас дахь дидны­­­­­ҳәалауа, Лаша Ашәба иҳәеит: «Бзиала шәаабеит, ҳаҭыр  зқәу  Виачеслав  Виктор-иҧа, ҳаҭыр  зқәу  асасцәа. Сеигәыр­­ҕьаҵәа  сшәыдны­ҳәалоит иахьа  Аҧсны  Жәлар  Реизараҿы. Ҳаи­гәырҕьаны иазгәаҳ­ҭоит, Москваҟа  ҳвизит  ашьҭахь  хымз  раҟара  ҵхьеит, абар  уажәы шәара ара шәыҟоуп. Ус анакәха, ҳаизыҟа­заашьақәа, ҳаиҧыларақәа  еиҳа ирацәахо иалагеит. Раҧхьаӡа акәны  Аҧсны  аофициалтә  визитла шәааит, ари  даара акраҵанакуеит  Жәлар  Реизара  адепутатцәа рзы  аиҧш, Аҧсны жәлар  зегьи  уи  анапхгареи рзыҳәангьы. Иахьа  ирацәаны  азҵаарақәа ҳрылацәажәоит. Агәра  ганы  сыҟоуп, апарламентбжьаратәи аусеицуреи  апарламенттә  еиҿка­арақәеи ишалдыршауа  урҭ рахьтә  жәпакы рыӡбара. Сара  сганахьала,  иара убас гәҭакыс иҳамоуп  ҳаизыҟазаашьақәа  системала  реибаркра», – иҳәеит  Жәлар  Реизара  Аиҳабы.

Виачеслав  Володин иара иганахьала иазгәеи­ҭеит  систематә шьаҭала Урыстәылеи  Аҧсни  рпар­ламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа  рышьақәыргылара  шаҭаху. Аҵакы  змоу хҭысны  аӡбахә иҳәеит  Аҧсны  Жәлар  Реизареи  Урыстәыла Аҳәынҭқарратә  Думеи рыбжьара аусеицуразы  аиқәышаҳаҭра  анапаҵаҩра. «Ҳара ишьақәҳаргылеит аусеицура  аганахьала  аформат ҿыц. Уи ҳтәылауаа рҭахрақәа,  атәыла  аинте­ресқәа ирықә­шәоит, шәаргьы ҳаргьы  ҳхы иаҳархәалоит  апарламентбжьаратә формат, иааҳалшо  зегьы ҟаҳҵалоит ҳҳәынҭқар­рақәа  ртәылауаа ргәыҕрақәа рырҵабыргразы, ҳтәылақәа  рҿаҧхьа  иқәгылоу  азҵаарақәа  зегьы рҭыҧ  рықәҵаразы».

Адепутатцәа  рыҩа­ӡарала  аизыҟаза­ашьақәа  дрыхькьысуа, Володин иазгәеиҭеит: «Иазхаҵатәуп  апарла­ментқәа  рыб­жьара  асистематә еизы­ҟазаашьақәа  шыҟамыз. Шәара шәвизит  раҧхьатәин, ус анакәха, жәаха шықәса рыҩнуҵҟала  раҧхьаӡа акәны  ҳаиқәшәеит. 2009  шықәсазы имҩаҧысит Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы  Борис  Виачеслав-иҧа Грызлов иҧылара. Анаҩстәи  аиҧыларақәа, абас ҳҳәап,  хаҭалатәи аҟазшьа  рыман».

Володин иазгәеиҭеит,  зегьреиҳа акыр иаҧсоу – ари аганқәа дара-дара ахьеилибакаауа ауп. «Ажәалагала  ҟаҵоуп ақьаад цқьа  аҟнытә зегьы рхацыркра, иара убриаан  ҳхы иаҳархәалоит аусура  аиҿкаареи аусеицура ацҵареи рзы  еиҳа  хырҳара злоу, ихәарҭоу  азнеишьақәа. Сгәыҕуеит, анаҩстәи  ҳаи­цәа­жәара, ҳаиҧылара, аиқәыша­ҳаҭра  анапаҵаҩра  ашьаҭа  бзиақәа шаҧырҵауа  систематә шьаҭала  ҳаизыҟазаашьақәа  рырҿиаразы.  Урҭ ирылҵ­шәаны  иҟалароуп  хықә­кы­латәи  алҵшәа», – еихишьалеит Володин.

Анаҩс аиҧылара иацҵан  ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Урыстәыла  аганахьала иара убас  аиҧылара иалахәын:  Аҳәынҭқарратә Дума  Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ  Сергеи Неверов,  ИАР аусқәеи, Евразиатәи  аинтеграциеи, аџьынџьуаа рҟны  аимадарақәеи рзы  Адума Аилак ахантәаҩы  Леонид Калашников, Аҧсны иҟоу  Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Михаил Шургалин;  Аҧсны  аганахьала – Жәлар  Реизара  Аиҳабы ихаҭыҧуаа  Фазылбеи  Аҩӡба, Асҭамыр Аҩӡба, Ашоҭ Миносиан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me