Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Декабр 6 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки рхантәаҩрала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа XIX аилатәара.
Декабр 8 азы аирамш азгәанаҭеит аинформациатә маҵзура SPUTNIK Аԥсны. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны уи цәырҵит 2014 шықәса декабр 8 азы. Убри инаркны амаҵзура асаит аҟны есымша, ес-сааҭ ирқьыԥхьуеит Аԥсны аиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа.
Аԥсны Аминистрқәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит «2023 шықәсазтәи Аарыхратә мзар».
2022 шықәсазтәи аихшьалақәа рыҟаҵара иазкын декабр 9 азы Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәара. Уи иалахәын ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа. Аилацәажәараҿы ишьҭырхит аенергетика, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны араионқәа злоугәаԥхаша аинвестициақәа рыҩаӡара азҵаарақәа. Иара убас ирылацәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхакқәа хра злоу рызҵаарақәа.
30 шықәса раҧхьа, 1992 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз ахҭыс бааҧс уаҩы даршанхоит уи иацу агыгшәыгра. Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапала иҭархан амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа ауааҧсыра алызгоз авертолиот.
Декабр 12 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш.