Асас дидныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иҧа, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, бзиала шәаабеит Аҧсны, агәырҕьара ацәанырра ҳамҽхакуп, избанзар сасцәаны иаҳҭоуп аешьаратә Урыстәыла ахаҭарнакцәа, аҭыҧ ҳаракы аанызкылауа анапхгаҩы. Иаҳҭахын абасеиҧш иҟоу аиҧыларақәа иҵегьы ирацәазар. Агәра згоит, Шәара шәаара ҳаизыҟазаашьақәа аҿиара ҿыц шырнаҭауа. Абасеиҧш зыҩаӡара ҳараку ауаа, аҧышәа змоу, иахьа уажәраанӡа иаҳзымыӡбац азҵаарақәа рҭыҧ рықәҵараҿы ацхыраара ҳарҭоит».
Атәыла Ахада агәра ганы дшыҟоу иҳәеит, Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин иаара Урыстәыла ажәлари Аҧсны ажәлари ринтересқәа инхарҭәааны ишрықәшәауа, Урыстәылеи Аҧсни русеицура иҵегьы ишыҕәҕәахауа, алҵшәа аманы ишыҟалауа.
Виачеслав Володин Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аиҧыларазы, иазгәеиҭеит иахьа Жәлар Реизараҿы ишалыршахаз азҵаарақәа жәпакы рылацәажәара. Абри инаваргыланы, уи хшыҩзышьҭра азиуит Аҳәынҭдумеи Аҧсны Жәлар Реизареи рыбжьара аизыҟазаашьақәа шышьақәыргыламыз систематә шьаҭала, адепутатцәа аӡәи-аӡәи аус шеицыруазгьы, еишьашәалоу аилак аус шауазгьы. Аҳәынҭдумеи Аҧсны Жәлар Реизареи хазы-хазы ирылшоз зегьы ҟарҵон ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиара иамадаз ақәҵарақәа, азакәанқәа рыдкылара ианалацәажәоз. Иааидкыланы, ҳтәылақәа рыӡбахә анаҳҳәо, ҳәарас иаҭахузеи, шьаҭас иҟаҵалатәуп ҳаизыҟазаашьақәа астратегиатә еидгыларатә ҟазшьа шрымоу, аха аизыҟазаашьақәа рыҿиара шьҭызхуа аҳәынҭқаррақәа Рхадацәа роуп», – иаҵишьит Урыстәылатәи аполитик.
Володин иазгәеиҭеит ауснагӡатә хада – ари ирыдыркылауа ақәҵарақәа закәанҧҵарала реиқәыршәара шакәу. «Ҳара абри иус аҭыҧ иқәаҳҵалароуп хырҳарала, иҟалароуп аусеицура аформат ҿыцқәа, ҳхы иаҳархәалароуп Апарламентқәа ирымоу алшарақәа, ҳтәылауаа ринтересқәа инарықәыршәаны ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рырҿиалара. Абри инамаданы, анапы аҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭдумеи Аҧсны Жәлар Реизареи рыбжьара аиқәышаҳаҭра. Еиҿкаауп аҩаӡара ҳаракы змоу акомиссиа. Апараментбжьаратә усеицура иамадоу азҵаарақәа, ҳтәылақәа рзакәанҧҵарақәа реиҿыбаара иадҳәалоу азҵаарақәа ҳхы неидкыланы рылацәажәаразы», - иҳәеит Виачеслав Володин. Уи иажәақәа рыла ишьақәыргылахоит аилатәарақәа хықәкыла рымшхәаҧштә, уи иабзоураны Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи рганахьала адепутатцәа алшарақәа роуеит ицәырҵуа ашәарҭарақәа еицырҿагыларц.
Аҳәынҭдума Ахантәаҩы иара убас иазгәеиҭеит еицәажәарада агәреибагара шзыҟамлауа, аҿиара ианалацәажәауа, убригьы шьаҭас иаиуа агәреибагара шакәу. «Убри аҩыза аицәажәара ҳаман иахьа, акыраамҭагьы имҩаҧысуан. Адепутатцәа зегьы алшара роуеит ҳара ҳганахьала аиҧш, Аҧсны аганахьалагьы ргәаанагара аҳәаразы. Сызлахәаҧшуала, аӡәи-аӡәи ҳаилибакаауа ҳалагеит. Еиҳарак ҳазлацәажәо апроблемақәа ракәын, аха убри аан иаҵаҳшьуан ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара шьаҭаны ишырзыҟалаша аиҩызареи наҟ-ааҟ аилибакаареи», - еихишьалеит Володин.
Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи аган ашҟа ҭабуп ҳәа иҳәеит еиуеиҧшым азҵаарақәа рганахьала иҟарҵо ацхырааразы. «Исҭахын Урыстәыла анапхгара ҭабуп ҳәа расҳәарц, ҳара иааиҧмырҟьаӡакәа шәҳацхраауеит, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы афымцалашара аганахьала апрооблемақәа ҳаман, Урыстәыла анапхгара ирыбзоураны уи аҭыҧ иқәҵан. Еиҭах иҭабуп, бзиара шәаабеит Аҧсны!»- еихишьалеит ахада.
Анаҩсан аиҧылара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.
Аиҧылара иалахәын: Аҧсны аганахьала – Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба; Урыстәыла аганахьала – Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Неверов, ИАР аусқәеи, Евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рҟны аимадарақәеи рзы Адума Аилак ахантәаҩы Леонид Калашников, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.