Мшаҧы 19, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Москваҟа иныҟәара еихишьалеит

Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа дрылацәажәеит Москваҟа иусуратә ныҟәара аихшьалақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Кәыҵниа иныҟәараан даҭааит Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аҳәынҭқарратә, абылраҽацәыхьчаратә маҵзура Академиа. Уаҟа аҵара рҵоит Аҧснытәи акурсантцәа. Аминистр драцәажәеит Академиа анапхгара, иара убас рынхашьа, рҵара, рлеишәа уҳәа рганахьала акурсантцәа. Аҭак бзиақәагьы иоуит.

Абри инаваргыланы, Н.И.Пирогов ихьӡ зху Амилаҭтә медицина-хирургиатә центр амашәырцәгьақәа Рмедицина Афедералтә Центр аҟны уи анапхгаҩцәа дырҧылеит. Абри аиҧылара иалҵшәахоит аҧсабаратә, атехногентә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмедицина-санитартә хҟьа-ҧҟьақәа раҧыхра азҵаарақәа рзы аусеицура анапы аҵаҩра, Афедералтә Центр аганахьала Аҧсны Аҳәынҭқарра амашәырцәгьақәа рмедицина Амаҵзура аспециалистцәа аиҿкаара-методикатә цхыраара рыҭара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me