«Аиҩызара – ари ҩ-ганкы змоу мҩоуп» – абас иҳәеит Виачеслав Володин аиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩ ашьҭахь

 

Декабр 1. Аҧсныпресс. «Иахьа ҳрыхькьысит имариақәоу реиҧш, иара убас иуадаҩқәоу Аҧсни Урыс­тәылеи реизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа азҵаарақәа жәпакы. Сгәы иаанагоит, ҳаицәажәара аринахысгьы лҵшәабзиала иацҵахап ҳәа», – иҳәеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба аусеицуразы апарламентбжьаратә еиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩ ашьҭахь. Уи Аҧсныҟа Урыстәы­латәи Афедерациа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы иаареи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩреи иахьа имҩаҧысыз акырӡа зҵазкуа хҭысқәоуп ҳәа рзиҳәеит. «Ари аиқәышаҳаҭра ҳаизыҟазаашьақәа еиднакылароуп, ҧхьаҟа иагароуп», – иазгәеиҭеит Жәлар Реизара Аиҳабы.

«Иахьа ҳазкылсит Аҧсны Жәлар Реизараҿы аусеицуразы аформат ҿыц. Ҳнапы аҵаҳҩит Аҳәынҭ­думеи Аҧсны Жәлар Реизареи русеицуразы Аиқәыша­ҳаҭра. Иаҧҵоуп апарламенттә шәага-зага инақәыр­шәаны азҵаарақәа рыӡбара иазку аусуратә комиссиа. Ҳаицәа­жәеит мызқәак рыҩнуҵҟала аилатәара шымҩаҧаҳго азы. Уаҟа ҳазхәаҧшуа азҵаатәқәа еицышьақәҳаргылоит. Урҭ Аҧсны атәылауаа реиҧш, Урыстәыла атәылауаагьы ргәы иҵхо проблематә темақәахоит. Ҳара ҳтәала аиҩызара – ари ҩ-ганкы змоу мҩоуп. Аҿиара иаҵанакуа акәзар, уи алыршахоит агәреибагара ашьаҭа мацарала. Агәреибагарада аицәажәара зыҟалом», – иҳәеит Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Виачеслав Володин. Уи Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа зегьы алархәны иарку аформат ала иахьатәи аицәажәара даара хәарҭара аланы иҧхьаӡоит. «Ҳара убри аҩыза ашьаҿа еихаҳгеит иааигәаны ҳаибадырырц азы, ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа ҳасаб рзухарц азы, ҳаҧхьаҟагьы иҵегьы хырҳарала аусеицура агәаҳәара ҳаурц азы. Атемпқәа шьҭызхуа ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа роуп, убри ахырхарҭала аиҳабыра аус руеит. Апарламентқәа ирыҵаркуа акәзар, акыраамҭа аахыс аицәажәарақәа ҳамамызт, еишьашәалоу аилакқәа рыбжьара аусура шымҩаҧысуазгьы. Апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа акәзар, урҭ ҵааркын», – иазгәеиҭеит Володин.

Аҳәынҭдума Ахан­тәаҩы дадгылоит Урыстәылеи Аҧсни рпарламент­бжьаратә еимада­рақәа иҵегьы хырҳарала рырҿиара, атәылақәа рыҩбагьы, убас ртәы­лауаагьы ринтересқәа инары­қәыршәаны азҵаарақәа рыӡбара аганахьала апарламентқәа ахрархәара. «Аҧсни ҳареи ҳаидыз­­кылауа рацәоуп – азеиҧш ҭоурых, акультура, атрадициақәа, адинхаҵара. Иҳалшоит бызшәак ала ацәажәара, абри аҟнытә, ганкахьала, иаҳзымариоуп аизыҟазаашьақәа рырҿиалара, аха даҽа ганкахьала, ари иҳаднаҵо рацәоуп» – иазгәеиҭеит иара.

Урыстәылеи Аҧсни рекономи­катә еизыҟаза­ашьақәа дрыхькьысуа, Володин хшыҩзышьҭра азыҟаиҵеит атауареиҭарсра шышьҭыҵыз. Уи ҳазну ашықәс азы 41 % рыла еиҳахеит ҵыҧх аасҭа.

«Аҧсны атуризм аганахьала Урыстәыла атәылауаа иаҳа издызы­ҧхьалауа аҳәынҭ­қаррақәа хәба рхыҧ­хьаӡара иалоуп. Аныҟәарақәа урылацәажәозар, Ҭырқәтәыла ашьҭахь Аҧсны аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит. Ари ауаа иалырхуа амҩа ауп. Ирҭахуп Аҧсныҟа иааларц, Аҧсны атәылауаа ракәзар – Урыстәылаҟа ицаларц. Абри иҳаднаҵо рацәоуп, абри аҟнытә, даара акырӡа аҵанакуеит асоциал-економикатә усхк аганахьала азакәанҧ­ҵарақәа реиҿыбаара, аҳазалхратә политикеи, ашәахтә закәанҧ­ҵареи, асоциалтә политикеи уҳәа рганахьала азҵаарақәа рҭыҧ рықәҵара. Абраҟагьы апарламентқәа рнапы зларкша рацәоуп. Иҟоуп даҽа зҵаарақәакгьы, урҭ ҳрылацәажәеит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи ҳареи ҳаиҧылараҿы», – иҳәеит Володин. Уи ҩаҧхьа иаҵишьит абри аҩыза аицәажәара раҧхьа­ӡакәны ишрымаз.  ­­«Даара гәаартыла ҳаи­цәажәеит, аӡәи-аӡәи еиҕьны ҳаи­либакаауа ҳалагеит, ҳагьеибадырит. Лаша Нугзар-иҧа ҳааиҧхьар, гәахәарыла еиҭа ҳаауеит», – иҳәеит Володин. Уи иара убас Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа неиҧхьоит Аҳәынҭдумаҿы жәлар­бжьаратәи аконференциахь, афракциатә усуреи апарламент­ҩнуҵҟатәи адемократиа арҿиареи ирызкхо. «Абри аицәажәара аинтерес цәырнагар, Аҧсны Жәлар Реизараҿы еиуеиҧшым афракциақәа хаҭарнакра рзызуа адепутатцәа зегьы наҳаҧхьоит», – иҳәеит иара. Аҳәынҭдума Ахантәаҩы Жәлар Реизараҿ имҩаҧысыз аицәажәара алҵшәа бзиа аиуит ҳәа азиҳәеит. «Уажәнатә аихшьа­лақәа ҟауҵар ауеит, абыржәы Аҧсны Ахадеи аиҳабыра рхантәаҩи рҟны акырӡа зҵазкуа аицәажәара шҳауагьы. Сгәыҕуеит, нас уи атәгьы ҳалацәа­жәап ҳәа», – иқәгылара хиркәшеит Володин.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me