Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амандарина ҩеижьқәа – Донецкҟа

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дырҧылеит абизнес хеидкыла ахаҭарнакцәа. Уаҟа иалацәажәеит Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҿар рзы гуманитартә еидара аиҿкаара азҵаара, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны анападкылаҩцәа дрыҧхьеит агуманитартә цхыраара активла рхы аладырхәырц.

Аслан Бжьаниа иаҵишьит Аҧсны ауааҧсыра аӡәырҩы агәаҳәара шаадырҧшыз Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи  Жәлартә Республикеи, Херсонтәи Запорожиатәи аобластқәеи рхәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы ашықәсҿыцтәи агуманитартә акциа рхаладырхәырц азы. Ирыӡбеит дара рҭыӡҭыҧқәа рҟнытә амандарина еизыргарц, ҳамҭак аҳасабала Ашықәс ҿыц азы уахь ирышьҭырц.

Абри инамаданы, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа инапы ианҵан Аҧсны ақалақьқәа зегьы рҟны амандаринақәа ахьеизыргауа аҭыҧқәа реиҿкаара.

«Иаарласны Ашықәс ҿыц ҳҭалоит, аӡәырҩы уи ирзацлоит амандарина ҩежьқәа рыфҩыхаа. Еиҳараӡак уи ргәы иахәоит имариам аамҭақәа ирҭагылоу ахәыҷқәа. Шәареи ҳареи урҭ ҳаргәырҕьароуп!», – иҳәеит Ахада.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me