Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниеи Сергеи Неверови реиҧылара

Ноиабр 30 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылеит Урыс­тәыла Аҳәынҭ­қарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Неверов.

Адныҳәаларатәы ажәаҿы Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аҧсны аҵак ҷыда шарҭо Аҧсны Жәлар Реизареи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи русеицура.

«Ҳара гәа­хәара дула иаабон Москваҟа ҳделегациа рныҟәара, иаадыруеит ҳара ҳҩызцәа гәык-ҧсык ала, иҧхаӡа ишшәыдышәкылаз. Ари инхарҭәааҵәҟьаны ҳаиашьареи ҳаидгылареи рҵас иақәшәоит. Даара сеигәырҕьоит Аҧсны шәахьсыдыскыло», – иаҵишьит Ахада.

Сергеи Неверов Бжьаниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ааҧхьаразы, аиҧыларазы, иазгәеиҭеит Аҧсны Жәлар Реизареи дареи аусеицура ишацырҵауа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рганахьала аимадарақәа шдырҿиауа. Урҭ рызкуп аҳәынҭқаррақәа рыҩбагьы рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа ралыршара.

«Ҳара ҳделегациа дууп. Иалахуп атранспорттә, атәылахьчаратә уҳәа егьырҭ аилакқәа рҟны апозициа ҕәҕәа аанызкылауа адепутатцәа. Сара, ҳтәы­лақәа Рпарламентқәа русеицура иахылаҧшуа Аҳәынҭдума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩык иаҳасабала, исылшо зегьы ҟасҵалоит изхәаҧшуа азҵаарақәа иҵегьы хырҳарала рынагӡаразы», – иҳәеит Неверов.

Адныҳәаларатә ажәақәа рышьҭахь аиҧылара иацҵан ажурналистцәа аламырхәӡакәа.

Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, уи ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Аршба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me