Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иҵегьы аамҭа аҭахуп

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит. Уаҟа ирылацәажәеит аенергетикатә усхк аҟны амалқәа реимҵәара аҭыҧ амазшәа асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵыз адокументқәа инарымаданы аҳәынҭқарра Ахада уаанӡа ириҭахьаз анапынҵақәа ирынагӡашьоу, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аҧсны апрокурор хада Адгәыр Арӡынба аҳәынҭқарра Ахада иеиҳәеит имҩаҧго аусура атәы. Уи иажәақәа рыла, ҳазну ашықәс ноиабр 16 азы аусурақәа рымҽхак ду нагӡан, Урыстәылатәи аган аҟны аиқәышаҳаҭра абжьаҵара хықәкыла иамадоу аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи рхаҭарнакцәа зегьы иразҵаан.

«Ҳазну аамҭазы иаҭаху азыҳәарақәа зегьы дәықәҵоуп изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь. Агәаҭарақәа рымҽхак ахьыҭбаау, иара убас иахьыуадаҩу ҳасаб азуны ари аамҭа азхаӡом. Иаҭахуп аамҭа, аха хықәкылатәи аҿҳәарақәа рышьақәыргылара алшо иҟам», – иҳәеит апрокурор хада.

Абри инаваргыланы, Адгәыр Агрба аилацәажәара иалахәыз иреиҳәеит апрокуратура хада ашҟа ишнаҧхьаз Адгәыр Арӡынбеи Гарри Кокаиеи. Урҭ иддырбеит Аҧсны аекономика Аминистрреи Урыстәыла аенергетика Аминистрреи зқәыршаҳаҭу ашьақәгылақәеи аматериалқәеи реиқәыҧхьаӡа. «Абарҭ адокументқәа рыда апрокуратура ашҟа акагьы аарымгеит», – иациҵеит Агрба. «Аслан Бжьаниа апрокуратура хада анапы ианиҵеит абри азҵаара иааиҧмырҟьаӡакәа иахылаҧшларц, инарыгӡауа аусмҩаҧгатәқәа рзы адырра ирҭаларц.

Аилацәажәара иалахәын Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аҧсны аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Роберт Киут, Агәаҭаратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me