Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит акционертә еилазаара «Газпром промгаз». Аҳәынҭқарра Ахада идырбеит Аԥсны газла аиқәыршәара асхема хада апроект.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ – агубернатор Иусбарҭеи Аиҳабыреи рнапхгаҩы Ваге Петросиан.

Асас дидныҳәалауа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара аҵак ду шрырҭауа Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рҟны аизыҟазаашьақәа.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Сократ Џьынџьал инапаҿы ииркит «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара. Уи иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи рҟны илагаламҭа ду азы.

Декабр 6 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәы­латәи Афедерациа Аиҳабыра Рхан­тәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки рхантәаҩ­рала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара асоциал-економикатә усеи­­цуразы Аиҳабыра­б­­жьаратә комиссиа XIX аилатәара.

SPUTNIK Аԥсны – 8 шықәса

16 Ԥхынкәын 2022 10:54

Декабр 8 азы аирамш азгәанаҭеит аинформациатә маҵзура SPUTNIK Аԥсны. Раԥхьаӡа акәны Аԥсны уи цәырҵит 2014 шықәса декабр 8 азы. Убри инаркны амаҵзура асаит аҟны есымша, ес-сааҭ ирқьыԥхьуеит Аԥсны аиԥш, уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа ахҭысқәа ирызку ажәабжьқәа.

Аԥсны Аминистрқәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит «2023 шықәсазтәи Аарыхратә мзар».

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me