Иаҳзаанагозеи аӡын?

29 Ԥхынкәын 2022 14:34

Аӡын аамҭа, ишдыру еиҧш, иадаҳҳәалоит ашықәс ҿыц. Уи зегьы, ахәыҷқәа реиҧш адуцәагьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшуп. Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра еснагь ҳазыҧшуп Ашықәс ҿыц азы асоура, аха  ҳгәазыҳәара нагӡамхац.

Адиплом ҷыда ианашьоуп

29 Ԥхынкәын 2022 14:33

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиуразы 2022 шықәсазы хә-номинациак рҟны иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.

Аӡы амч

29 Ԥхынкәын 2022 14:32

Азеиҧшнхарҭа ауада сыҩнахеит. Ашықәс ҿыцха ҳаҕоу ауада дыҩ­нахааит ихала, иаҳарак аӡәы дизыҧшны. Усҟан аҭӡамц шкәакәақәа, иааукәыр­шаны иҟоу зегьы, агәҿыҕьра узцәырыргоит. Уажәы-уажә сџьыбақәа еимыздоит, издыргәышьоит акапеи кылҵәа шҭаршәым, аха инагӡаҵәҟьаны агәра згарц сҭахӡам… Уигьы шьцылароуп. Иага ус иҟазаргьы, бзиа избоит астудентра. Поетк имҳәахьеи – «Астудентцәа ахақәиҭра ахақәиҭра аҳәынҭқарцәа» ҳәа. Абарҭ ацәаҳәақәа уахак исҿахеит. Урҭгьы шьҭа ихьшәашәеит, сгәыҧжәара рзыхәаҽуам.

Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵарҭатә зал хадаҿы Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиа афонд иаҭан Александр Чачба иҭыхымҭақәа. Асахьаҭыхҩы иусумҭа Иарку акционертә еилазаара «Аквафон-GSM» иаанахәеит 2022 шықәсазы аукцион аҟны.

Шәыга хәшала инагӡоу аҭыхымҭаҿы даарԥшуп аԥҳәызба. Ари арҿиамҭа ианаԥҵаз аамҭа ашьақәыргыларазы аҟазараҭ­ҵааҩцәа ргәы иҭоуп аҭҵаарақәа жәпакы рымҩаԥгара.

Абар, шьҭа аа-шықәса ҵуеит Урыстәылаҟа зхы зырхаз Донецки Лугански руаажәлар есымша, ес-сааҭ рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуижьҭеи. Иҟамлацт мышкы, мраҭашәараа меигӡарахда ирырҭо абџьар хкқәа рыла арҭ адгьылҵакырақәа ирыламхысуа.

2014 шықәсазы Украина имҩаԥысыз «ареволиуциа» – дара ртәала, Маидан ҳәа изышьҭо, атәыла ду ажәлар еиҟәнашеит – шьоукы Мраҭашәараҟа, шьоукы дара шьаладала, бызшәала, динхаҵарала жәытәнатә аахыс изларсыз Урыстәылаҟа.

Аилатәара азкын абарҭ аныҳәақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рынагӡареи рзы акомиссиа алахәылацәа ражәалагалақәа рылацәажәара.

Бадра Гәынба аилатәара иалахәыз зегьы дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны Ахада идҵала акомиссиа шеиҿкаау, раԥхьатәи аиԥыларагьы иҟалараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылацәа­жәара ишазку.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me