Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ииубилеи идиныҳәалеит. Атәыла Ахада Аиҳабыра рхантәаҩы изеиӷьишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи аԥсуа хылҵшьҭра еиуоу Урыстәыла абизнес-хеидкыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара, иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.
Аицәажәара аан атәыла Ахада абизнес-хеидкыла ахаҭарнакцәа инҭкааны иреиҳәеит аҳәынҭқарра имҩаԥнагауа аекономикатә хырхарҭа атәы. Иара убас ишьҭихит хра злоу аполитикатә амшусхәаԥштә атемагьы.
«Еснагь иуадаҩыз аамҭақәа раан аиԥш, ҳажәлар доуҳатә уасхырны ирзыҟалеит ауаҩы ибзиабара, аҭаацәара рыгәцаракра, наҟ-ааҟ аидгылара, аихаҵгылара реиԥш иҟоу аԥсуа ҵасқәа. Абри иаҳнарбоит егьырҭ аԥышәарақәагьы ҳшыриааиуа, ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҳәахьақәа ҳашрызиашоу.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәа иааныркылеит гәыԥҩык, Аԥсны зымч ӷәӷәоу анаркотик аҭира иаҿыз.
Атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьеи, азеиԥш шәарҭадареи, азинлеишәеи ралыршара азҵаарақәа ирызкын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәара.
Жәлар Реизара адепутатцәа Ахра Ԥачлиеи Асҭамыр Герхелиеи ықәгылеит «ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицуразы аполитикатә партиақәеи агәыԥқәеи рфракциақәа русеицура аҵакы» ҳәа III Жәларбжьаратәи аконференциа аилатәараҿы.
Урҭ рықәгыларақәа рҿы иазгәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҵаулоу аҭоурыхтә еимадарақәа шрымоу.