Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Минуҭқәак рышьҭахь ҳтәыла 2023-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылоит. Ашықәс ҿыц зегьы ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит, аиҭакра бзиақәа ҳзаазго ныҳәа дуны ҳазыԥшуп.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека ахаҵгыларала  ари акультуратә хәышҭаара иаҵанакуа абаҳчаҿы иаартхеит аҧсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Иосиф-иҧа Гәлиа инаивагылаз ашәҟәыҩҩцәа раҧхьатәи рабиҧара – уи ицнагаҩцәа рыхьӡ зху ааҵлақәа раллеиа. Араҟа еиҭарҳаит Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коҕониа, Миха Лакрба, Мушьни Аҳашба, Иван Папасқьыр рыхьӡқәа зыхҵоу аҵлақәа.

Жәлар рартистка лирамш

29 Ԥхынкәын 2022 14:34

Ԥхынҷкәынмза 20 – Аԥсны жәлар рартистка, Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лира амш ауп.  Софа Агәмаа атеатр аҿы лусура ашықәсқәа ирылагӡаны 70  инареиҳаны арольқәа налыгӡахьан, еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥылҵахьан.

Иаҳзаанагозеи аӡын?

29 Ԥхынкәын 2022 14:34

Аӡын аамҭа, ишдыру еиҧш, иадаҳҳәалоит ашықәс ҿыц. Уи зегьы, ахәыҷқәа реиҧш адуцәагьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшуп. Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра еснагь ҳазыҧшуп Ашықәс ҿыц азы асоура, аха  ҳгәазыҳәара нагӡамхац.

Адиплом ҷыда ианашьоуп

29 Ԥхынкәын 2022 14:33

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиуразы 2022 шықәсазы хә-номинациак рҟны иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.

Аӡы амч

29 Ԥхынкәын 2022 14:32

Азеиҧшнхарҭа ауада сыҩнахеит. Ашықәс ҿыцха ҳаҕоу ауада дыҩ­нахааит ихала, иаҳарак аӡәы дизыҧшны. Усҟан аҭӡамц шкәакәақәа, иааукәыр­шаны иҟоу зегьы, агәҿыҕьра узцәырыргоит. Уажәы-уажә сџьыбақәа еимыздоит, издыргәышьоит акапеи кылҵәа шҭаршәым, аха инагӡаҵәҟьаны агәра згарц сҭахӡам… Уигьы шьцылароуп. Иага ус иҟазаргьы, бзиа избоит астудентра. Поетк имҳәахьеи – «Астудентцәа ахақәиҭра ахақәиҭра аҳәынҭқарцәа» ҳәа. Абарҭ ацәаҳәақәа уахак исҿахеит. Урҭгьы шьҭа ихьшәашәеит, сгәыҧжәара рзыхәаҽуам.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me