Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Иаҳзаанагозеи аӡын?

Аӡын аамҭа, ишдыру еиҧш, иадаҳҳәалоит ашықәс ҿыц. Уи зегьы, ахәыҷқәа реиҧш адуцәагьы ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыҧшуп. Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра еснагь ҳазыҧшуп Ашықәс ҿыц азы асоура, аха  ҳгәазыҳәара нагӡамхац.

Ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭаз, ҳазҭалоу 2023-тәи ашықәс иаҳзаанаго аӡын еилаҳкаарц азы, ҳлыҿцәажәеит аметеоролог, аспециалист хада Диана Ҭраҧшь. Уи излаҳалҳәаз ала, декабр  25 инаркны амшқәа цәгьахоит, аҳаракырақәа рҿы  ақәабаа-сабаа леиуеит. Ҳазҭало ашықәс азы ианвар мза алгамҭа инаркны аҳауа хьшәашәара ҟалоит, бжьаратәла иуҳәозар, хҧа ҧшьба градус аҟынӡа илаҟәуеит аҳауа.

Лара лажәақәа рыла, егьырҭ ашықәсқәа ирҿырҧшны уахәаҧшуазар, макьаназы декабр амза амшқәа ишақәнагоу еиҧш ицоит,  даҽа ҳәаак иҭыҵны ҳәа иҟам. Еиҳарак ианвари феврали мзақәа рзы ахьҭақәа ҟалоит, асы ҳзаанагартә еиҧш. Иазгәаҭатәуп, Аҧсны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҳа идуны асы анлеиз 2016 шықәсазы шакәу. Уи аахижьҭеи илеихьеит асы, аха иаразнак ишьҭыҵуан, насгьы еиҳа имаҷны.

Лара излазгәалҭаз ала, макьаназы аҧсабара џьашьатәуп, иаҭаххар иҟанамҵо акгьы ыҟам, мамзар сынтәатәи аӡын егьырҭ  ашықәсқәа раасҭа ихьшәашәа­рахом. Ашықәс ҿыц аламҭалаз ирзеиҕьалшьеит Аҧсны жәлар зегьы аҭынчреи аманшәалареи.

С. Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me