Иахьа иҟоу аҭагылазаашьа ҟамларц азы еицәажәарақәак, еиқәышыҳаҭрақәак хацыркын, уажәы ишааԥшыз ала, уи Украина бџьарла аҽеибыҭаразы ахы ианархәеит. Минсктәи аиқәышаҳаҭрақәа рҟны иарбаз, иалкааз, убас аҿҳәарақәа ззышьақәыргылаз аӡбамҭақәа хьаас изкыдаз – лахьԥыракыган, мраҭашәараа, иаҳараӡак Америка, рҿы иааҭшәарызеи ҳәа иԥшын, иахьагьы иԥшуп. Дара реиԥш имхәыцуаз, ахеиқәырхареи ахыхьчареи рзы даҽа мҩак ианылаз ргәаанагара иахаҵгылодаз. Абас иҟан 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аангьы.
Украина анапхгара аимак дипломатиала аҭыԥ ақәҵара дыргәагәон, зны-зынла Европа атәылақәак рхадацәа алархәны еиԥыларақәак шымҩаԥыргозгьы. Ари аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуан. Урыстәыла ааҵраҿы зхы шьҭызхыз афашизм ашьамхы еиқәыршәны ахәаԥшыха амамызт, насгьы аурыс дунеи ҳәа изышьҭоу иаҵанакуа рхыԥхьаӡара ахьмаҷмыз азы мацара. Иалагеит арратә операциа амҩаԥгара.
Мызқәак ааҵуаны Урыстәыла иазханаҵеит Донбастәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи. Убри инашьҭарххны Урыстәыла адгылаҩцәақәак раҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәылеи арҭ ареспубликақәа рхьыԥшымра азхарҵеит. «Шәтәылақәа ашьақәгылареи аҿиареи рымҩаҿы акырӡа зҵазкуа веханы иҟалаз 2022 шықәса февраль 23 арыцхә наунагӡа аиашара аиааира шаго иамшны шәреспубликақәа рҭоурых аҟны иаанхоит», – абас азгәаҭоуп Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Лугансктәи Жәлартә Республикақәа рхадацәа рахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.
Аибашьра заку, уи шаҟа ԥсҭбара ацу, ахҵәара-ахыԥсаара рхыргахьеит ҳажәлар. Зхьыԥшымреи зхақәиҭреи ирзықәԥо ирывагылеит. Аԥсуа ҷкәынцәа уахь ацара, абџьар шьҭыхны аибашьра аӡәгьы мчыла ирыдимҵеит. Уахь ирыԥхьаз ргәы ауп. Аӡәымкәа-ҩыџьамкәа рхы ақәырҵахьеит. Донецки Лугански рҟнытә ахҵәацәа аднакылахьеит, Аԥсны анапхгара изларылшо ала агәаҟра иақәшәаз акырынтә ирыцхраахьеит. Уажәгьы иаҿуп.
Згьама рцәыӡхьоу аҭынч ԥсҭазаара разырхынҳәразы, Ашықәс Ҿыц ауха рыргәырӷьаразы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иаԥшьгарала араионқәа рҿы еиҿкаан амандаринақәа реизгара. Сынтәа аҽаҩра бзианы иҟалеит. Атәыла Ахада араионқәа реиҳабацәа, ақыҭауаа зныкымкәа дырԥылеит. Зегьы ирҳәоз акакәын: «Ҳадгылоит, шаҟа шәҭаху еизаагоит». 100 тоннак инареиҳаны аԥсуа мандарина ҩеижьқәа рызнаргеит Донецктәи Лугансктәи Жәлартә Республикақәа, Херсонтәи Запорожиатәи аобластқәа руааԥсыра. Ари аидара иацын аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра ахада, аинрал-леитенант Лев Кәыҵниа, аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-маиор Нугзар Емрыхәба, Очамчыра ақ. абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы, аполковник Мурман Ԥачлиа.
Лев Кәыҵниа уахьынтәи дшаахынҳәыҵәҟьаз, Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иеиҳәеит Донецки Лугански иара убас Херсонтәи аобласти Запорожиеи рахь иныҟәарақәа ртәы.
Аминистр дазааҭгылеит шә-тоннак амандаринақәа аҭыԥаҿы ишнаргаз. Урҭ еихыршеит ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ирызку ашколи рахь.
Аԥыза-министр аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит инапынҵа қәҿиарала иахьынаигӡаз азы.