Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азеиҧшнхарҭа ауада сыҩнахеит. Ашықәс ҿыцха ҳаҕоу ауада дыҩ­нахааит ихала, иаҳарак аӡәы дизыҧшны. Усҟан аҭӡамц шкәакәақәа, иааукәыр­шаны иҟоу зегьы, агәҿыҕьра узцәырыргоит. Уажәы-уажә сџьыбақәа еимыздоит, издыргәышьоит акапеи кылҵәа шҭаршәым, аха инагӡаҵәҟьаны агәра згарц сҭахӡам… Уигьы шьцылароуп. Иага ус иҟазаргьы, бзиа избоит астудентра. Поетк имҳәахьеи – «Астудентцәа ахақәиҭра ахақәиҭра аҳәынҭқарцәа» ҳәа. Абарҭ ацәаҳәақәа уахак исҿахеит. Урҭгьы шьҭа ихьшәашәеит, сгәыҧжәара рзыхәаҽуам.

«Шьҭа даароуп, хымҧада, даароуп» – гәаныла ишьақәсырҕәҕәон сара. «Ашықәс ҿыцха, џьара ҵәыцак злаҳкуа ҩык ҳамамкәа…» – иҳәан, аҩныҟа дцан, сизыҧшуп сҩыза.

Сара схаҿы иаазгон уи уажәымзар-уажәы дҳақь-ҧсықьуа, аҳәынҵәраҧшь еиҧш, ихәдакәыршаҟаҧшь ихәда иҭаршәны, ашә атыгәтыгәҳәа дшасуаз. Ашә анаасыртлак, иуалыр хәыҷы азна аҩы иманы ахыҧҳәа иҽшааҩнаиршәуаз. Саргьы усҟан сгәаарақәеи сгәыҧжәарақәеи гәрыӡ-шашәаӡ, иахьца-иахьаа сымбо ибжьаӡрын.

Абас џьара акы ҳаназыҧшу, алуқәа ашьарҵазшәа, шаҟа имыццакуазеи аамҭа. Уи шцац ицоит, аҽы бзиа еиҧш аныҟәашәа еиламҧсаӡакәа…

Сара шәҟәык аашьҭыхны аҧхьара сналагеит,  аха уи еиҳагьы агәҿыҕьра сызцәырнагон. Иршәны астол инықәсыжьуеит. Ашә атыгә-тыгәҳәа аӡәы днаснасит. Сгәы нҭылашеит, иаразнак исгәаласыршәеит даҽа минуҭк ашьҭахь аҩы зҭакәеи-кәеиуа аҵәцақәа рыла ишьҭыхтәу аныҳәаҿақәа. Ашә аасыртырц сҿанынасха, аҟәардә снахҟьа­шан, сынцәыҵаххит, аха сыҽкамы­жькәа сҽааныскылт. Уаныццакуа, зегьы уҧырхагахоит, зегьы уҧаҳалоит, зегьы урыхҟьашоит.

Абар асааҭ 12 рахь аус ауеит. Акоридор аҿы имҩасуа ауаа ршьапышьҭыбжь сазыӡырҩуеит.

Сишь, абар акоридор ырхыџ-хыџуа, адашьма лыҵахжәома уҳәаратәы диасны дцеит аӡәы. Сара лызхәыцра сҭахымызт, аха убри лызхәыцра секундак, минуҭк ахьақәсырӡыз сгәы аарҟәандеит.

Сгәы сырҭынчит, сҩыза дзымаар ҟалап. Асекундқәа, аминуҭқәа ццакуеит ацифра 12 ахь – Ашықәс ҿыц ахь! Ашықәс ҿыц ҳҧыргалоит асекундқәа, аминуҭқәа…

Акоридор аҿы иаҳа-иаҳа еиқәтәоит ашьапышь­ҭыбжьқәа.

Сҩыза дааӡаргьы, шьҭа зегьы ҳаззыҧшу асааҭ 12 дшагхоз сацәымҩашьо агәра анызга, исҭаххеит абри иааиуа Ашықәс ҿыц иҵегьы сгәалашәараҿы ишьақәсырҕәҕәарц. Аха изла? Ахәыцраз инхаз аамҭа маҷуп.

Асекундқәа, аминуҭқәа – 12 рахь. Абар-абар, Ашықәс ҿыц  ааҩналоит суада, ашәгьы иамыскәа, уаҩгьы имбо, имаҳауа.

Акоридор аҿы ҭынчроуп, убасҟак иҭынчроуп, ацәҳәыраҿ еиҧш, асакараҿ еиҧш. Зегьы асекундқәа, аминуҭқәа ирзыҧшуп. Нас… Нас ауп абырлаш еиҧш иҧыххааса аҳауа ианалаҧсо аччабжь, агәыр­ҕьабжь, ахәмарыбжь.

Ссааҭ снахәаҧшит, 12  рзы секундқәак агын. Сара сгәырҕьара ҳәаак амамкәа, астол иқәгылаз аграфин аашьҭысхын, аҵәца аӡы кәеикәеиуа инҭасҭәеит. Али-ҧси рыбжьара схы агәра асыргеит ари ӡымкәа ишҩыз ала, мшәан, ихадароу аҵәца иҭоу аума, угәы иҭоу ами.

– Ҽаанбзиала, Ашықәс ҿыц! – аҵәца ҩҭсыркәкәеит.  Сгәалаҟазаарагьы ҩышьҭыҵит. Суадагьы еиҳа илаша­хазшәа збо салагеит.  Мшәан, Ашықәс ҿыц иацми алашара, анасыҧ, агәырҕьара! Сара исныруа салагеит суадаҿы ҿыцрак. Уи  Ашықәс ҿыц абри суада хәыҷы ишыҩналоз, иаҳа-иаҳа  ишамҽханакуаз еиҧш, саргьы ҧхар­раҵас исылалон, самҽханакуан.

Аҵәца «аҩы» нҭасҭәеит. Аӡыцқьа ацыҧхьқәа аҵәца инадиба­ҳәалеит. Иааҭсыр­кәкәеит.

Сара аҵәца аҕьеҩҳәа астол инықәсыргылеит. Аха абас иахьықәсыкшаз аасцәымыҕхеит.

«Ас ихәарҭам, – сҳәеит сара гәаныла. – Ас Ашықәс ҿыц уршәар алшоит. Дарбанзаалакгьы аҧшәмара ааникылаанӡа дсасыми? Игәы ҭҟьатәым!»

– Ҽакы нкыл, ихадароу – сара  акы ҭаха снамҭо сарцыхцыхуан.

– Иарбан? – схы сназҵааит.

Анасыҧ азы.

– Хымҧада, – аҵәца аашьҭыс­ҧааит.

Адәахьы сындәылҵит.  Изжәхьаз сылсхьан – сшьапы еилагон.

Ашьжьымҭан санааҧш, астол иқәгылоуп ауалыр хәыҷы азна аҩы. Сҩызагьы ацәа даалҵны, ииарҭа даақәтәеит.

– Автобус бжьысит, – иҳәеит иара.

Сара сааччеит. Сыччаҧшь иаҳәон уи иаҳагьы сшеигәырҕьаз.


Б. Қаџьиа

1975 ш.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me