Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Аилатәара азкын абарҭ аныҳәақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рынагӡареи рзы акомиссиа алахәылацәа ражәалагалақәа рылацәажәара.
Бадра Гәынба аилатәара иалахәыз зегьы дрыдныҳәалеит, иагьазгәеиҭеит Аԥсны Ахада идҵала акомиссиа шеиҿкаау, раԥхьатәи аиԥыларагьы иҟалараны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылацәажәара ишазку.
Аԥхьа ажәа риҭеит атәылахьчареи акультуреи Рминистррақәа рхаҭарнакцәа. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иазгәеиҭеит ари аиубилеи инарҭбааны мҽхакы ҭбаала ишымҩаԥгатәу. Акультура аминистр Даур Ақаҩба иҳәеит арҭ аныҳәақәа разгәаҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рсиа шдырмазеихьоу.
Иара убас аиԥылараҿы иқәгылеит Аҟәа ақ. ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсуа телехәаԥшра аиҳабы Ирина Агрба, «Абаза-ТВ» аиҳабы Руслан Ҳашыг, Жәлар Реизара адепутатцәа Галуст Трапизониан, Леонид Лакербаиа, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Мадина Воуба.
Акомиссиа аилатәара ахыркәшамҭазы Бадра Гәынба иҳәеит иахьа иаагоу ажәалагалақәа ҳасаб шырзухауа. «Акомиссиа абыржәы ауп аусура ианалага. Сгәыӷуеит, иахьа иарбаз азҵаарақәа, апроблемақәа хшыҩзышьҭра шрырҭауа», – иазгәеиҭеит Гәынба.