Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа аиуразы 2022 шықәсазы хә-номинациак рҟны иалкаахаз рыхьӡқәа рылаҳәоуп.
Апроза иаҵанакуа аноминациаҿы – далкаахеит Александр Мелихов; апоезиа аҟны – Наталиа Лиасковскаиа, ахәыҷқәеи ақәыҧшқәеи ирыҵанакуа алитературазы – Павел Крениов, Викториа Татур; акиносценариеи адраматургиеи рҟны – Наталиа Захарова; аиҭагақәа рноминациа аҟны – Ахат Мушински, Гульсира Гаисарова-Гиззатуллина.
Аҧсуа шәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иакәзар, аноминациа «Аиҭагақәа» аҟны аконкурс иалахәыз ВиталиШариа аурысшәахь иеиҭеигаз иажәабжьқәа рзы ианашьоуп Фазиль Исканер ипремиа аҳаҭыртә диплом ҷыда.