Аԥсны жәлар рахь адныҳәаларақәа

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Минуҭқәак рышьҭахь ҳтәыла 2023-тәи Ашықәс ҿыц иаԥылоит. Ашықәс ҿыц зегьы ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит, аиҭакра бзиақәа ҳзаазго ныҳәа дуны ҳазыԥшуп.

Иҟаз ауадаҩрақәа ҳашьҭахьҟа иныжьны, бзиа иаҳбо ҳҭаацәа, ҳахшара, ҳҩызцәа, ҳауа-ҳҭахыра рыгәҭаны, насыԥла ҳаԥылоит. Ҳазҭалоу ашықәс Аԥсны азы аҵак ҷыда амоуп – сынтәа иазгәаҳҭоит Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Иара убас 15 шықәса ҵуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵоуижьҭеи.   

Иҳаҩсыз ашықәс хьанҭан. Аҿкычымазара ианаалҵ, адунеи ашәарҭара инҭагылеит. Уажәы имҩаԥысуа аибашь­раҿы иҭахоит ҳара ҳарԥар­цәагьы. Цәыӡ дууп ари ҳара ҳзы. Афыр­хацәа рыхьӡ кашәара ақәым. Ҩызара ҳзызуа Урыстәылатәи аҳәынҭ­қарра ииашоу адунеитә еиҿка­ашьа иазықәԥоит. Ари ақәԥараҟны ҩаԥхьа адгылара ишазхиоу аанарԥшит Аԥсны. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳал­­шаз, ҳзыхьӡаз маҷым. Имҩаԥы­­суеит амҩақәа, ашколқәа, ахәшәтәырҭақәа реиҭашьа­қәыргылара, аграртә, атуристтә хырхарҭа арҿиара ҳаҿуп, аусурҭа ҭыԥқәа аԥаҳҵоит. Аха макьана ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵаша рацәоуп. Уи азы иаҭахуп алшарагьы, аамҭагьы. Сара агәра згоит, иҟаҳҵахьоу аиҳагьы шҳалшо зегьы ҳаидгыланы аус еицаҳур.

Секундқәак рыла Иҿыцу 2023-тәи ашықәс ҳҭалоит. Аҭынч ԥсҭаазара, аизҳазы­ӷьара ҟалааит Аԥсны! Иреиӷьу ҳгәыӷрақәа наӡааит ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц азы!  Ҽаанб­зиала шәнеиааит сыуаажәлар! Шьардаамҭа Аԥсынра!


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба ҳажәлар рахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

Ииасуа ашықәс азы дызус­ҭазаалак, иарбанзаалак атәыла аԥсҭа­заараҿы ирацәаны еиуеиԥшым ахҭысқәа мҩаԥысит. Урҭ аихьӡа­ра ҿыц­қәа ирышьа­ҭаны иҟаларц алшоит. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат­цәа рзы иҳаҩсыз ашықәс раԥхьатәи ауснаг­ӡатәқәа разгәаҭареи рарбареи ирышықәсын. Ҳәарас иаҭахузеи, иҟоуп зҭыԥ иқәҵам апроб­­лемақәа жәпакы. Убарҭ раԥыхра ҳамч-ҳалшара азаҳкыроуп.

Иааиуа ашықәс – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшым­реи 30 шықәса ахыҵра, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсны асуве­ренитети ахьыԥшымреи жәларб­жьаратәи разхаҵара 15 шықәса ахыҵреи ирышықәсуп. Ҳәарас иаҭахузеи, арҭ аиубилеитә рыцхәқәа ҽаԥсатәрала ҳарԥылоит.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ҳазныло ашықәс азы ҭаацәарацыԥхьаӡа, ҩнаҭацыԥхьаӡа ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ.


Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Ашықәс ҿыци аныҳәа лаша – Қьырсеи идиныҳәалеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәыдысныҳәалоит иааиуа Ашықәс ҿыц – 2023 шықәсеи аныҳәа лаша – Қьырсеи!

Иҳаҩсыз ашықәс азгәаҭан ҳажәларқәа рԥсҭазаараҿы акырӡа зҵазкуа ахырхарҭақәа зегь рыла аидгылареи стратегиала аиҩызареи рпринципқәа шьаҭас измоу Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа инеишьҭаргыланы рҿиарала.

Аԥсны ажәлари анапхгареи зегь рыла иадгылоит асуверенитети жәларбжьаратәи азини ҳаҭыр рықәҵарала еибарку адунеи еиҿкаашьа иаша ашьақәыргылара Урыстәылатәи Афедерациа амч-алшара ахьазку. Агәра ганы ҳаҟоуп, Шәареи Шәеиҳабыреи ишәыдышәкылауа ақәҵарақәа рганахьала ақәҿиарақәа шалшәыршо.

Еидгылаҩцәақәак, стратегиала еиҩызцәақәак раҳасабала, ҩаԥхьа ишьақәҳарӷәӷәоит зымҽхак ҭбаау ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи ҳашрызхиоу.

Шәара, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аиааира ҿыцқәа, Урыстәылатәи Афедерациа аиашьаратә жәлар ракәзар – аманшәалареи ашәҭыкакаҷреи!»


Урыстәыла Апрезидент Владимир Путини Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустини Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны жәлари ирыдырныҳәалеит Ашықәс ҿыци аныҳәа лаша – Қьырсеи.

Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци аныҳәа лаша – Қьырсеи.

Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа ӷәӷәала иҿиоит аидгылареи стратегиала аиҩызареи рҵас ала. Агәра ганы сыҟоуп, 2023 шықәсазы иацаҳҵап ҳәа аешьаратә жәларқәа рыбзазаразы, Кавказ аҟны ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы хра злоу азҵаарақәа рганахьала ҳусеицура бзиа.

Шәара, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, анасыԥ, ақәҿиарақәа, Аԥсны атәылауаа зегьы – аманшәалара, ашәҭыкакаҷра».


«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыц – 2023 шықәсеи Қьырса аныҳәеи!

Иҳаҩсыз ашықәс азы аидгылареи, стратегиала аиҩызареи шьаҭас измоу Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа ӷәӷәала аҿиара мҩа ианын. Аԥсҭазаараҿы инарыгӡон Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара аплан дуқәа, идырццакуан еицаҳзеиԥшу апроектқәа рынагӡара.

Агәра ганы сыҟоуп, 2023 шықәсазгьы планрацәала аусеицура аҽшарҭбаауа, аԥеиԥш змоу аԥшьгамҭақәа раларҵәаразы аҭагылазаашьа маншәалақәа алдыршон. Ари Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ринтересқәа инхарҭәааҵәҟьаны ирықәшәоит.

Шәара, ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа, гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, анасыԥ, аманшәалара, аԥсуа жәлар ракәзар – аҭынчра, ашәҭыкакаҷра», – иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me