Хәажәкыр 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажьырныҳәа алҧха

Ихыркәшоуп ҳазҭалаз 2023-тәи ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа. Ианар жәаха-жәиҧшь руха  атәылаҿы иазгәарҭоит аҧсуаа лымкаала иззыҟоу – Ажьырныҳәа мамзаргьы Хьычхәама ҳәа изышьҭоу ажьира амҵаныҳәара ҵакыс измоу аныҳәа ду. Ажьырныҳәа аҳәынҭқарратә ныҳәақәа рсиа иахыҧхьаӡалоуп, иара ҧсшьарамшуп.

Аҧсны Мрагы­ларатәи ахәҭаҿы Ажьырныҳәа ҳәа изышьҭоу, мамзаргьы ҳтәыла Мраҭа­шәаратәи ахәҭаҿы Хьыч­хәама зыхьӡу аныҳәа азгәарҭоит ахәылбыҽха, ианар жәаха ауха.  Аныҳәа аҕьырак ахьым­ҩаҧысуа Ажьираҿы ауп. Уи амҵан ауп аҭаацәа реиҳабы  Анцәа имҵаныҳәара ахьымҩаҧиго. Еиҳа инарҭбааны ари атрадициа уалацәа­жәозар, иара ахы ыҵнахит ажәытәӡан, уи адацқәа аҭоурых иаларсуп. Ажьырныҳәа аҽны, аҭаацәа зегьы иреиҳабу, ажьира иахагылоу иҩнаҭаҿы еизоит абшьҭрак иатәу аҭаацәа зегьы. Иазгәаҭатәуп ари аныҳәа ишалахәу, аха аныҳәараан ажьира ишаҵамгыло аҩнаҭа аҭацацәа. Ажьира ахьӡала шәашәыра змам аџьма шкәакәацқьа ашьа карҭәоит. Араҟа иҳәатәуп ишыҟоу рбаҕьмацарала иныҳәо реиҧш, аџьма акәымкәа ақабла зшьуагьы. Уи доусы ишиқәу, ишынаигӡо ауп изыбзоуроу.  Иара убасгьы Ажьира амҵа­ныҳәара иалахәу зегьы рыцыҧхьаӡа арбаҕьқәа ршьуеит. Анаҩс аҭаацәа реи­ҳабы, ажьира иахагылоу аныҳәаҩ, агәи, агәаҵәеи, аҳаҧшьаҩи дрыхныҳәоит.

Ажьырныҳәа аҧсуаа рзы акыр зҵазкуа ныҳәоуп. Аҵакы  ҵаула амоуп иара аныҳәарҭа аҭыҧ ахаҭагьы. Ажьыра азааигәареи уи аҩныҵҟеи ацқьара ахылаҧшра ҷыда амоуп, уаҟа иҵарҵоит изыхныҳәо аҩыцқьа зҭарҭәо аҳаҧшьагьы. Ишдыру еиҧш, аҧсуаа рҿы жәытә-натә аахыс ныҳәаҩны иҧхьаӡоуп аҩеиқәаҵәа, аҳаҧшьа иҭарҭәогьы лымкаала уи ауп. Ажьираҳаҧшьа ҭацәны аныжьра гәнаҳа дууп, уахьзырхәуа акәны иҟоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Убри аан аныҳәарҭаҿы аҳаҧшьа ззыҵамгьы ыҟоуп, ус ҟауҵар ауазаап, аха аҳаҧшьа аныҵауҵах ҩыла иҭәызар акәзаап.  Ажьира аҩныҵҟа рыбжьы рдуны ицәажәаӡом, иҩнагыланы мамзаргьы азааигәара ишәииӡом. Жәытә -натә аахыс  ирыҧхьаӡон, Ажьираҿы иҳәаз ашәи ауаҩы ихьӡоит, уи Аныха иашьашәалоу амч амоуп ҳәа. Ажәакала, амарҭаҭра аамҭақәа иргәылсны иаауа, аха иахьа уажәраанӡа аҵакы ҵаула змоу ари аритуал патула иазнеиуеит Ажәытә мзар ала Ашықәс Ҿыц иаҧыло ҳмилаҭ.

Аҧсуа ҭаацәарақәа абиҧарала еихаҳауа иаарго ҳҵасқәа ирыцклыҧшуа, гәцаракрыла ирыцныҟәо иреиуоуп Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭан инхо Валера Бжьаниа иҭаацәара. Ҧшьынҩажәи шықәса ирҭагыло аҭаацәа реиҳабы иажәақәа рыла, рабшьҭраҿы ари аныҳәара шцәырҵыз атәы инҭырҳәыцааны издырам, аха жәытә-натә аахыс абиҧарала еимдо иаарго ныҳәа­хаҵароуп. Ажьира аныҳәазы Валера Бжьаниа иҭаацәара аҩнаҭа ду аҿы еизоит. Аҩнра ҳәа ицахьоу иҧҳацәа  рыхәҭаа рыманы иаауеит. Аҳәса рыхәҭаа ҳәа иҧхьаӡоу арбаҕьқәа ршьапқәа ҿаҳәаны заа Ажьира азааигәара инаганы ишьҭарҵоит. Аныҳәаҩ игәаангарала уи ҵакыс иамоу Ажьира "абзара" арбара ауп, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар, зыҧсы ҭоу ахәҭаахәқәа изымҵаныҳәо иадырбоит. Арҭ аҭаацәара ирымоуп аинтерес зҵоу, шамахамзар уаҳа иуҧымло ҵаск. Аныҳәазы иҟарҵо акәакәар ишаҧу еиҧш ирыжәзом, уи рӡуеит. Акәакәар ахаҭагьы ҧхьаӡоуп, ажьира иаҵагылоу ахацәа зегьы рыцыҧхьаӡа ҧшьба-ҧшьба роуп иҟарҵо. Уаҳа еиҳамкәа, мамзаргьы еиҵамкәа иҟазароуп.Валера Бжьаниа иажәақәа рыла, ҧшь-кәакәарк ахыҧхьаӡара ахьынтәиааз атәы издырӡом, аха ахаангьы ус акәын ишыҟарҵоз. Агәи-агәаҵәеи ианрыхныҳәалак анаҩс аҭаацәа зегьы аныҳәа чыс агьама рбоит. "Ари   гәырҕьароуп, ари ныҳәароуп. Аха, акгьы ахмырҟьаӡакәан. Ажьира ишаҳәо, ишашьашәалоу еиҧш апату ақәҵаны ҳазныҟәоит.Ҳаиҳа зымчу ҳиҳәоит аҭынчразы, агәабзеиразы, лыҧсаа ҟамларц, аизҳара ҳаурц азы" иҳәоит аҧшәма.

 «Ажьырныҳәа»  Аҧсуара иахәҭакуп. Кавказ ажәларқәа рыбжьара аҧсуаа реиҧш аӡәгьы ирҳаракны имаӡам,Ажьира акульт патугьы изақәӡам . Ажәытәан Ажьира анцәахәы Шьашьшәы –Абыжьныха ҳәа ишьҭан. Уи иаанагоз аҧсуаа рыбыжьныха рымч еидызкыло Шьашьшәы ҳәа акәын. Убри аҟынтә аныҳәа ауха ихымҧадатәны ирыҧ­хьаӡон ацәа цқьа иалхәу ацәашьқәа быжьба рбылра. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы, аҭоурыхтә ӡеибафарақәа ирхылҿиааз амзызқәа ирхырҟьаны, Ажьырныҳәа азгәа­ҭара аҧыхразы аҽазышәарақәа ҟаҵан, аха уи зегьы лҵшәадан. Маӡала акәзаргьы, аҧсуаа зыгәра ргоз Ажьира Анцәахәы имҵаныҳәон. Аҩажәи жәабатәи-аҩынҩажәатәи Сталини Бериеи ррепрессиашықәсқәа раан, аныҳәара мҩаҧы­з­гаша ахацәа рхыҧхьаӡара акырӡа имаҷхеит. Ус шакәызгьы зеиҳабацәа зхыганы хабарда ибжьарӡыз аҭаацәарақәа атрадициа дмырӡӡеит.

Ианар жәаха Гәдоуҭа араион анхаҩы Толик  Гәынба иҭаацәара ари аныҳәа иаҧылоит рхәышҭаараҿы-Аҷандара ақыҭан. Аишьцәа Адгәыри Адамыри раб иику ацәашьы иаҵагылоуп. Аҭаацәа реиҳабы Толик Гәынба иажәақәа рыла,  хаҭалара иара изы  ари арыцхә аҵакы ҕәҕәа амоуп. «Схәыҷы аахыс ҳаҩны Ажьырны­ҳәа азгәаҳҭон. Усҟан  еиҧш иахьагьы ҳабацәа рныҳәаратә традициақәа мырӡӡакәа еихаҳауа иахьагьы иааҳгоит. Сара исылымшо саныҟалалак исымыздаша сымоуп. Аныҳәа ауха заанаҵы иаҳшьуеит ацәашьы иаҵагылоу ахацәа рыцыҧ­хьаӡа  арбаҕь­қәа. Аҧшәмаҧҳәыс илкәаҳауеит акәакәарқәеи, ачашәқәеи, ацәа цқьа иалхны иҟаҳҵоит аныҳәатә цәашьқәа. Асааҭ жәаба рзеиҧш хәыҷи  ду ҳааилагыланы ҳныҳәоит. Ацәашьы зку сара соуп. Сныҳәараҿы Ҳаиҳа зымчу сиҳәоит иҳнаишьҭарц аизҳа-зыҕьара, ҳазҿу ҳусқәа зегьы маншәалахарц, абзиа ҳҧеиҧшзарц, ҳныхақәа рылҧха ҳамазарц, Аҧсни аҧсуааи ахаан еиҟәыҭхара рымамзарц, ҳажәлар рзы аҧсҭазаара бзиа ҟаларц азы» иҳәоит Толик Гәынба. Иара изагәаиҭоит аныҳәаҿа заа дшазымхәыцуа.  «Ацәашьы кны агәаҵәа ахныҳәара уаналаго уцәеи ужьи еишьылӡа еимаздо мчык анырра унаҭоит. Иуҳәо зегьы угәы аҟынтәи иааиуа ажәақәа роуп», ҳәа нациҵоит иара. Аныҳәара аҵагылара азин змоу   абшьҭрак иатәу рымацара роуп, даҽа жьирак иаҵагылоу мамзаргьы даҽа жәлак зху уахь рнеира ҟалаӡом.

Иара убасгьы ажьырныҳәа ауха иҟарҵоит «Ачбеи -Чачбеи» зыхьӡу аритуал. Уи аҭоурых ажәытәра иаларсуп. Уажәшьҭа иҟамзаргы ҟалап иишаны иахьынтәиауа згәалашәо. «Сара иҟасҵоит сабацәа ишысдырбаз еиҧш. Ачашәи акәакәари агәи  агәаҵәақәеи  еидкыланы снапы ианҵаны  аҩы ақәҭәаны еиласҵоит. Уи иаанаго ацәгьа ҳзааумган, зылаҧш цәгьоу илаҧш иара изынхааит, ҳара аманшәалара ҳзыҧшызааит ҳәа ауп», – иҳәоит Толик Гәынба. Иара уабсгьы ахатәы кәамаҵамақәа амоуп Ажьырныҳәа аҩбатәи амш аҧыларагьы. Шьыжьымҭан шаанӡа аҧшәма аиҳабы арасамахә хиҵәоит, уи ашәшь надикылоит насгьы сынтәатәи аҽаҩра иатәу аџьықәреи рыцқәа ҿирпуеит. Арыцқәа аҩны иҩанаиҧсоит, убри аан ашәшьи арасеи рымахәқәа инапаҿы икуп. Даҽазныкгьы аҭаацәа иныҳәоит. Анаҩс иныҳәо  арахә рҭакырҭахьы дцоит, уаҟагьы аныҳәаҧхьаӡ иҳәоит, иику амахәқәагьы уаҟа  инавҵаиркьакьоит.

Иҧхьаӡоуп иашаны зегьы ҟазҵаз ашықәс зегьы аманшәалареи аизҳазыҕьареи изыҧшуп ҳәа. Араҟа иҳәатәуп ари ақьабз аҵакы хадақәа иреиуаны ишыҟоу-абиҧара иаҵанакуа, абшьҭра иатәу ахылҵшьҭра реибарбара. Изызҳауа аҿар атрадициақәа радыҧхьалара. Аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара. Иааркьаҿны иуҳәозар, аҭаацәа зегьы реидкылара, излыҵыз рдац-ҧашә рхамыршҭра.


Елана Лашәриаҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me