Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар рартистка лирамш

Ԥхынҷкәынмза 20 – Аԥсны жәлар рартистка, Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Агәмаа лира амш ауп.  Софа Агәмаа атеатр аҿы лусура ашықәсқәа ирылагӡаны 70  инареиҳаны арольқәа налыгӡахьан, еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа аԥылҵахьан.

Уи дахьыхәмархьоу аспектакльқәа иреиуоуп: Уилиам Шекспир ирҿиамҭақәа рыла («Отелло» аҿы Емилиа лроль,  апиеса «Король Лир» аҿы Регана лроль), Антон Чехов ирҿиамҭақәа рыла (апиеса «Ажәанҵа» аҿы  Наталиа лроль) Федерико Гарсиа Лорка ирҿиамҭақәа рыла («Ишьаарҵәырахаз ачара» аҿы аҭаца лроль), уҳәа убас ирацәаны ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа рыла иқәыргылаз аспектакльқәа лхы рылалырхәхьеит. Ахәаԥшцәа рхаҿы иаанхеит иара убас уи акино аҿы иналыгӡахьоу арольқәагьы. Убас Аԥсны Жәлар рартистка абарҭ афильмқәа рҿы арольқәа зеиӷьаҟам ала иналыгӡахьан: «Аԥшаахымҭақәа раамҭа» (акиностудиа Мосфильм, арежиссиор Генрих Габаи, 1969 шықәса), «Хҭарԥа шкәакәа» (Довженко ихьӡ зху акиностудиа, арежиссиор Владимир Савелиев, 1975 шықәса), «Амшын еиқәа аҿықәанҵәҟьа» (акиностудиа Мосфильм, арежиссиорцәа Алеқсандр Кузнецов, Оскар Никич, 1975 шықәса), «Амзаҿа агыламҭаз» (акиностудиа Мосфильм, арежиссиор Иусуп Данилов).

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан Амиран Ҭаниеи Софа Агәмааи равтортә программа «Аччареи алаӷырӡи» ала аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылон.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me