Ианвар жәаф рзы апоет имшира идырныҳәаларц иҩныҟа имҩахыҵит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны ақьырсиан иашахаҵара ауахәама аиҳабы Аб Басариан, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҧсны ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба уҳәа ауаажәларратә усзуҩцәа.
Аҧсны анапхгара рыхьӡала аиубилиар дидныҳәалеит Бадра Гәынба, рзеиҕьашьарақәа изыркит Аб Басариан, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аҟәа ахада Беслан Ешба, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба. уи дрыҧхьеит иара убас Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Николаи Иванов, ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа Жәларбжьаратәи реилазаара ахантәаҩы Иури Коноплианников уҳәа иаарышьҭыз адныҳәаларақәа.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Мушьни Лашәриа абжьааҧнеиҧш ижәлар рыгәҭа дгылоуп. Апоезиеи алитератураҭҵаареи рҟны еиҧш, илшамҭақәа шьардоуп аиҭагара аус аҟны. Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан уи ипоема «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагаразы. Аурыс-аҧсуа литературатәи акультуратәи еимадарақәа рырҕәҕәаразы акәзар, ианашьоуп А. С. Пушкин имедал, иара убас А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиеи Урыстәылатәи Апатриархтә литературатә премиеи. Ирҿиаратәи иуаажәларратәи усура ҳтәылаҿы ахәшьара бзиа аиухьеит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа «Ахьӡ-Аҧша» аорден I,II, III аҩаӡарақәа рыла.