Аԥсны Ахада дидикылеит

27 Ажьырныҳәа 2023 12:15

Аԥсны жәлар рпоет Мушьни лашәриа 85 шықәса ихыҵра амш азы Аԥсны Ахада дидикылеит.

«Шәиубилеи шәыдны­ҳәалауа агәабзиареи аихьӡарақәеи шәзеиӷьасшьоит. Шәара абаҩхатәра злоу поетуп, шәҟәыҩҩуп. Еиҭажә­гахьеит адунеи аҟны еицырдыруа арҿиамҭақәа. Шәџьабаа ахәшьара бзиа амоуп, Аԥсны еиԥш, Урыстәы­лангьы. Даҽа жәашықәсақәак шәҳацзароуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.

Аџьшьаратә шәҟәы

27 Ажьырныҳәа 2023 12:04

Херсонтәи аобласт арра-тәылауаҩратә хадараҿы Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа Рминистрра аоперативтә гәыԥ анапхгаҩы, аинрал-маиор Андреи Павленко аџьшьаратә шәҟәы изааишьҭит Аԥсны аҭагыла­­заашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, – иаанац­ҳауеит Аԥсны аҭагыла­заашьа ҷыдақәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Хәыда-ԥсада ирхәышәтәуеит

27 Ажьырныҳәа 2023 12:04

Аԥсныпресс. Агәабзиа­рахьчара аминстр Едуард Быҭәба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Аҟәатәи аинфекциатә хәышә­тәырҭаҿы, – иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиа­рахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Уи рхы аладырхәит Аҟәа ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба, ахәышә­тәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәыниа, аминистр ицхырааҩ Роланд Гамисониа. Гәыниа иажәақәа рыла, уажәы азы амедицинатә усҳәарҭаҿы рҽыр­хәы­шәтәуеит 38-ҩык.

Анхарҭа змам ргәынамӡара

27 Ажьырныҳәа 2023 12:03

Аԥсныпресс. Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит анхарҭақәа рыҭара дҵаны ишьҭызхыз Аҟәа амитинг еиҿызкааз аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа.

Ианвар 19 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2023 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра хықәкылатәи апрограмма «Анҭыҵи Аԥсны иахьаҵанакуеи атәылауаа рыхәшәтәразы». Абри апрограмма ԥарала еиқәыр­шәахоит ареспубликатә биуџьет амалқәа рыла. Ҳазну ашықәс азы анҭыҵ Аԥсны атәылауаа рыхәшәтәразы иоушьҭхоит 90 миллион мааҭ.

Аԥсныпресс. 2022 шықәсазтәи аусура аихшьалақәа ирызкын аҩаша, ианвар 24 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихантәаҩрала имҩаԥысыз инарҭбааз аилацәажәара.

Уи иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, аҳәынҭеилахәырақәеи абиуџьет анҭыҵтәи афондқәеи рнапхгаҩцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа реиҳабацәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me