Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амширақәа

Михаил Шургалин

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Урыстәыла ацҳара­жәҳәаҩ Михаил Шургалин имшира идиныҳәалеит.

Уаҟа иарбоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Алеқсандр-иԥа! Аԥсны анапх­­гара рыхьӡала, сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдаҳ­ны­ҳәалоит Шәирамш!

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражә­ҳәаҩ ҷыда аҭакԥхықәра зцу иҭыԥ аҟны шәусура алкаауп апринципрала, азана­аҭдыррала, аҳәынҭқар­рабжьаратә усеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәа хшыҩзышьҭрала рзыҟазаашьала.

Аԥсни Урыстәылеи реид­гыларатә еизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы хаҭалатәи шәлагаламҭа иабзоураны урҭ агәылеимабзиареи аиҩызареи рҵас ала аҿиара мҩа иануп.

Шәара, Михаил Алеқсандр-иԥа, ишәзеи­ӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аҭынчра, шәҭа­ацәараҿы аманшәалара, адипломатиатә усураҿы ақәҿиарақәа!»

Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Михаил Шургалин имшира идиныҳәалеит.


Хьыбла Герзмаа

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Герзмаа лымшира лыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа, гәык-ԥсыкала иԥхаӡа ишәыдысныҳәалоит Шәирамш!

Шәара шәыԥсҭазаара хазына ҭәуп акультура гәык-ԥсыкала амаҵзурала, шәара инашәыгӡо ашәақәа, шәбаҩхатәра ду ирыцуп хаҭала шәуаҩышьа, шәусушьа, адунеии ауааи рахь шәгәаартра.

Шәара шәбаҩхатәра ҳәаа амаӡам. Шәыԥсадгьыл аҿы имҩаԥыжә­гауа афестивальқәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи аԥсуа культуреи адунеитә культуратә ҭынхеи ацҳа рыбжьарҵоит. Шәара зинлаҵәҟьа аԥсуа культура шәаӡыр­гаҩуп, адунеи зегьы аҟны ауаа ргәаҵанӡа анеира шәылшеит.

Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа! Шәара акультура амаҵ жәуеит, уи хаҭәаауп арҿиаратә еихьӡарақәа, шәара шәбаҩ­хатәра бзиа избо иаадырԥшуа абзиабарала! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ақәҿиара ҿыцқәа!»

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me