Апаспортқәа мап рцәыркит

Иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Евроеидгыла официалла иакьыԥхьит Урыстәылатәи Афедерациа асубиект ҿыцқәа рҟны инхауа Урыстәылаа аҳәа­анырцәтәи рпаспортқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рпаспортқәа мап рыцәкразы ақәҵара.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофи­циалтә хаҭарнак Мариа Захарова иазгәалҭеит, ари «жәларб­жьаратәи азин еилазгауа адискриминациатә практика шыҟалаз Евроеидгылеи Шенгентәи азона иаҵанакуа аҳәынҭқар­рақәеи рзакәанԥ­ҵарақәа ирыхә­ҭакны».

Захарова идеиллыркааит абарҭ авизатә «санкциақәа» уаҩымрас ирылоу убри ауп, урҭ ауаҩы изинқәа еиларгоит. Абасала, Евроеидгыла ганкымацарала иармаҷуеит миллион­­ҩыла ауаа ԥықәсла­­рада рныҟәара.

Захарова илҳәеит Урыстәыла алшарақәа зегьы ахы ишанархәауа иара атәылауаа ринтересқәа рыхьчареи урҭ рзакәантә зинқәеи ралыршаразы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me