Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аибашьцәа рҭаацәа ирҭааит

1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Гәдоуҭа Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аусзуҩцәа Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри Аԥсны Ахада инапынҵала зыԥсҭазаара иалҵыз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәа Лера Пежеваи Зельма Науржановаи рҭаацәарақәа ирҭааит, иаанацҳауеит «Аԥсадгьыл-Информ».

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала Пежеваи Науржановаи рҭаацәарақәа ирырҭеит адашшылара шәҟәқәа, анышәынҭрақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵаразы аԥаратә малқәа, – лҳәеит Лиалиа Чамагәуа.

Леон иорден занашьоу Ҟабарда- Балкариантәи хатәгәаԥ­харала аибашьҩы Заур Пежев иан Лера Пежева лыԥсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ашықәс декабр азы. 2023 шықәса ианвар азы лыԥсҭа­заара далҵит Зельма Науржанова – Аԥсны аибашьра аан раԥхьа иҭахаз, Леон иорден занашьоу Ибрагим Науржанов иан.

Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәас­қьыри иара убас иаҭааит аибашь­раан иҭахаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа Руслан Желите­жеви Гена Карданови рҭаацәа­рақәа. Урҭ дрыцын Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликаҿы Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Реидгыла ахантәаҩы Сергеи Иахагоев. Иара убас урҭ аҭааит Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов инышәынҭра.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me