«Еиҵагыло абиԥара ҿа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҵакы ахьынӡардыруа, азин аганахьала рдыррақәа ахрархәара ахьынӡарылшауа иахьыԥшхоит ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, ажәлар рҵарадырра ахьынӡаҳараку. Аԥсадгьыли аҭаацәареи рыбзиабара инаваргыланы, ахәыҷы илааӡалатәуп Аконституциа иазку раԥхьатәи адыррақәа. Убасҟан ихацҳаркуеит иҟәышу, иҟәыӷоу, аԥеиԥш змоу аҿар рышьақәгыларазы ауасхыр ӷәӷәа. Урҭ ҽаԥсатәралаҵәҟьа ирылшоит атәылауаҩратә уаажәларра иарбанзаалак аинститутқәа рҟны ҳтәыла хаҭарнакра азура», – лҳәеит лара.
Аҭыжьымҭа иацу асахьақәа ҭырхит ахәыҷтәы рҿиара Ацентр ааӡамҭацәа.
«Иарбанзаалак асахьа маҷ ахәыҷқәа иҭырхит, дара рыблала ишахәаԥшуа, ишырныруа ҵакыс иаҭаны. Иара убри алагьы дара еилыркаауеит аҳәынҭқарра заку, дарбанзаалак атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭрақәеи зеиԥшроу, Аиҳабыреи, Жәлар Реизареи, ҳусӡбарҭақәеи русура шеиҿкаау», – лҳәеит Аԥсны Аконситуциатә ӡбарҭа аӡбаҩ Диана Ԥилиа.