Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа хаҵа

Аԥсны акультура Аминистрра гәалсра дула адырра ҟанаҵоит 84 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара дшалҵыз азы Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.

«Даара ҳалахь еиқәнаҵеит Аԥсны жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Реидгыла алахәыла, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Аибашьра ашықәснҵара» апремиа алауреат, Леон иордени «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡареи занашьаз Тото Аџьапуа.

20 шықәса инареиҳаны Тото Аџьапуа Аԥсны Аҳәынҭ­қарратә хортә капеллаҿы аус иуит, Аԥсны амузыкатә традициақәа реиқәырхареи раларҵәареи иџьабаа адын.

Тото Ҭарашь-иԥа 600 инареи­ҳаны арҿиамҭақәа дравторуп. Уи иаԥҵамҭақәа рхыԥхьа­ӡараҿы иҟоуп акантатақәа «Аԥсуа баагәара ду», «Абрыскьал», «Ефрем Ешба», «Уарбану?», ахореогра­фиатә сиуита «Нарҭаа», афлеитеи афортепианои рзы асоната, «Аԥсуа литургиатә шәаҳәарақәа», акантатақәа «Ҷлоу», «Отаԥ», «Аԥсадгьыл азхәыц­рақәа», «Аԥсуа лаф» асимфо­ниатә оркестр азы.

Аџьапуа Тото Ҭарашь-иԥа диит 1936 ш. азы Очамчыра араион Отаԥ ақыҭан. А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит, убас Қарҭтәи аконсерваториа авокалтә, акомпозитортә ҟәшақәа. Иҵара инаваргыланы Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аԥсышәала ацәа­жәаратә культура дирҵон. Аопереи абалети ртеатр асолист-стажиорс (1969-1991) дыҟан, анаҩсан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа (1971), Аҳәынҭқарратә хортә капелла (1971-1992) ашәаҳәаҩыс, дирижиорс аус иуан.

Аԥсны жәлар Рџьын­џь­тәылатә еибашьра далахәын. Акомпозитор Кәасҭа Ченгелиеи иареи еиҿыркааз агәыԥ «Аиааира» аибашьцәа рҿаԥхьа иқәгылон, игәышьҭых­газ афырхаҵаратә ашәақәа нарыгӡон. Тото Аџьапуа Аԥсны акомозиторцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс, ахәыҷтәы музы­катә школ №3 адирекорс аус иухьан.

Аԥсуа музыкатә культура арҿиара зџьабаа аду, аԥсуа хаҵаҵәҟьа ҳәа ззырҳәоз Тото Аџьапуа игәалашәара наунагӡа иаанхоит дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me