Лаҵара 11, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афеде­рациаҟны аккре­дитациа змоу, Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳа­ражәҳәарҭа аделегациа арегионтә шәа­рҭадара, Аф­ганисҭан агу­манитартә ҭа­гылазаашьа, иара убас Аԥсни Ааигәатәи Мра­гылара атәылақәеи русеицура аҳәаақәа рырҭ­бааразы актуалра злоу аспектқәа иры­дҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы Аҟәаҟа иааит,  ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аме­диацентр.

Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара.  Аԥсны Жәлар Реизараҿы адепутат Кан Кәарҷиа иаԥшьгарала имҩаԥысит аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Уи азкын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳа­быреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара. Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба имҩаԥигаз аилатәарахь дааԥхьан Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

Урыстәылатәи Афедерациа хықәкыс иамоуп Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҟны аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҿиалара, лҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова, Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа ирызкны ажурналистцәа рызҵаара аҭакс.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар рартистка Лиудмила Гәымба лиубилеи лыдиныҳәалеит.

Мышқәак раҧхьа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаҧигеит абизнес знапы алаку ­ ҳџьынџьуаа рҧылара. Аиҧылара алагамҭаз иалахәыз зегьы минуҭктәи ҿымҭрала иргәаладыршәеит Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз. 

Зыхьӡ еицамкуа

10 Жәабран 2023

Аҧхьаҩцәа аҳамҭа бзиа роуит. Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭ­шәҟәҭыжьырҭа иҭнажьит алитература абзи­абаҩцәа ззыҧшыз аклассик Қьа­азым Агәмаа иҩы­мҭақәа реизга  «Иалкаау».

Абаҩхатәра злаз апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа ихьӡ ҩашьара ақәымкәа иаанхеит аҧсуа сахьа­ркыратә лите­ратура аҿиара аҭо­урых аҟны.

Жәабранмза 1 азы Аԥсны Жәлар рартист, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, акомпозитор, аетнограф, Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Михаил-иԥа Царгәыш (01.02. 1938 – 28.01.2021) иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 85 шықәса.

Афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц ала­галара ина­маданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәи ақалақьтәи ахәы­шәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.

Жәабранмза 1, 2023 шықәсазы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиаразы агәыҳа­лалратә Фонд аҳасабрбатә пресс-конференциа мҩаԥнагеит. Афонд анапхгаҩи уи аусзуҩцәеи инагӡаз апро­ектқәеи иахьа Афонд аҿы аус здыруло апроектқәеи, иара убас ааигәа иаз­ԥхьагәаҭоу аусна­г­ӡатәқәеи ртәы инарҭбааны иала­цәажәеит.

Амаҵзурақәа  русеицура

Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазлхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аусдкылара адгылара аҭара иазку арегионтә Фонд иаҭааит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспублика Ҭаҭарсҭан аекономика Аминистрра аофициалтә саит.

Аусуратә еиԥылараҿы аҩганктәи аусеицура, адәныҟаекономикатә усура аҿиара, ареспубликақәа рҟны аус зуа анаплакқәа аимадара рыбжьаҵара уҳәа  ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аԥсныпресс. Жәабранмза 2, 2023 шықәсазы анемец-фашистцәа рықәгара ахьалыршахаз Сталинградтәи ажәылара ҟалеижьҭеи  80 шықәса ҵит.   Ари амш аҽны аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызхагылаз Аԥсны анапхгара Аҟәа, Диоскураа рымҩаҟны Идырым асолдаҭ  ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит. Агәалашәара рхы аладырхәырц арахь имҩахыҵит Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, ауаажәларра. 

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me