Март ҩба рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа. Уи хықәкыла иазкын ааигәа атәыла Ахада Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа иусуратә ныҟәареи Ареспублика Беларус ахь инеиреи рылҵшәақәа. Убри инаҷыданы Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ажурналистцәа егьырҭ ргәы иҵхо азҵаарақәагьы рҭак аҟаҵара дшазхиоу.

Март 4 азы 13 шықәса ҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсҭазаара далҵижьҭеи.

Жәаха шықәса уажәаԥхьа, 2010 шықәса март 4 азы акыраамҭа ихьуаз ачымазара хьанҭа иахҟьаны, иԥсҭазаара далҵит иналукааӡаша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩ ду, Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Ишдыру аиԥш, Асовет ҳәынҭқарра аилаҳара инашьҭарххны ҳауаажәлар ирхыргаз аибашьра ааха ду анаҭеит Аԥсны аекономика зегьы ааидкылан, шьаҭанкыла иаԥсахит ақыҭанхамҩа аҭагылазаашьа, ҳқыҭақәа  рхаҿсахьа. Уаанӡатәи аколнхарақәеи асовнхарақәеи анеилабга, уаҟа аус зуаз ауааԥсыра усурҭада иаанхеит. Ақыҭауаа, аиҳарак аҿар, ақалақьқәа рахь рхы дырхеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагеит ауаажәлар  реиԥш, Аԥсны аиҳабырагьы. Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩнҵҟа, изныкымкәа–иҩынтәымкәа анапхгара аҽазышәарақәа иаадырԥшыз ирыбзоураны, ишьақәгылаз абри аҩыза анегативтә ҭагылазаашьа маҷк аҽаԥсахзаргьы, иахьанӡагь ари азҵаара иӡбатәны ишыҟац иаанхоит.

Абас ахьӡиҵеит аскульптор Архип Лабахәуа ҿыц иааиртыз аскульптура аӡыршә. Уи ықәыргылоуп Аҟәа, Леон имҩаду аҟны Аҧсны Амилаҭтә банк амузеи аҿаҧхьа. Аскульптура аартрахь иааиз рҿаҧхьа дықәгыло, Архип Лабахәуа иазгәеиҭеит, ари аидеиа иара иҵазҳәаз амузеи анапхгаҩцәа Асҭамыр Ҭаниеи Беслан Бараҭелиеи шракәу. «Ари аирыӡ аҧара ҿырпқәа зҭышәшәо, сара избеит амузеиаҿ. Аҧараҿырп – аџьаз иалху антикатәи аамҭа иатәуп. Сара иаҧысҵеит аҵан, алегенда излаҳәо ала, ажәытәан Аҧсны ашьхатәылан инхон  аҵан уаа ҳәа шьоукы, урҭ убри аҟара иуаа ссақәан, аҭырас иқәлан икарҿон», – иҳәеит иара. Абарҭ рхаҿсахьа ауп аскульптор  ихы иаирхәаз иаҧҵамҭаҿы. Уи аус адиулон ҩымз ирҭагӡаны. Иара иажәақәа рыла, ирҿиамҭа аҧҵара изымариахеит. Аирыӡ иҭышәшәо аҧараҿырп еиҩаӡоит иргаразы ҩыџьа аҵануаа.

Иван Миқаиа аҧсуа литератураҿы иацы иахьа дцәырымҵит. Акыр шықәса ҵуеит уи аҧсуа поезиа дазааҧсоижьҭеи. Ааигәа аҧхьаҩцәа ироуит ишәҟә ҿыц «Ашьхақәа рхы ладырҟәӡом» еиднакылоит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҧиҵаз ажәеинраалақәа.

Жәабран 27, 1919 шықәса рзы иҭыҵит аҧсышәала ицәажәаз раҧхьаӡатәи аҧсуа газеҭ «Аҧсны». Уи ашьаҭаркҩыс дыҟан Дырмит Гәлиа. Убри инамаданы ари амш Аҧсны амассатә информациатә хархәагақәа ирымш ныҳәаны ишьоуп. Абри амш ныҳәа аламҭалаз Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 2022 шықәсазы ажурналистцәа ирылаҳәаз аконкурс аихшьалақәа рылаҳәара. Аконкурс азкын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу, зыӡбахә зынӡаск ирымҳәац аиба­шьцәа, мамзаргьы аибашьратә хҭысқәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me