Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿ имҩаҧысит атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа Чамагәуа ишәҟәы – аҧсышәала ирцәажәаз аматематика аӡыргара. Ашәҟәаҿы иарбоуп алгебра 5-тәи 9-тәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа.
Аӡыргара иалахәыз аҵарауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит абиблиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Амра Агрба. Уи иааркьаҿны дазааҭгылеит аҵарауаҩ инысымҩа.
Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы аҳазалхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә маҵзура ТАСС.
Аашәыршақә иҟамлеит 1919 шықәсазы, раҧхьаӡатәи аҧсуа милаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭыҵра. Уи амш жәабран 27 инақәыршәаны, Аҧсуа кьыҧхь иамшны, ҳтәылаҿы иазгәарҭоит.
Ари арыцхә инамаданы, ҳара ҳиҿцәажәеит аҧсуа кьыҧхь даара иазҿлымҳау, аҧсышәала иҭыҵуа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи бжьамыжькәан еидызкыло, ирыҧхьо, ҷыдала, акыршықәсқәа раахыс агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» номерцыҧхьаӡа зхазы еидызкыло, иазҿлымҳау, иаҧхьо, игәцаразкуа, даара ҳаҭырлагьы иазыҟоу Ауаажәларратә хеидкыла «Аҧшьаҭыҧ» аныҳәаҩ хада Борис Қәҭалиа.
«Агазеҭ «Аҧсны» аҟны акьыҧхьҩы даҭахуп ҳәа алаҳәара саҧхьеит автобус аҟны. Сара усҟан акьыҧхьразы Тҟәарчал ақалақь аҟны акурсқәа сырхысхьан». Абас ҳаиҿцәажәара хацлыркит агазеҭ «Аҧсны» аҟны абар уажәшьҭа 50 шықәса инарзынаҧшуа кьыҧхьҩыс аус зуа Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аҧша» ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Ҭина Никәала-иҧҳа Аҳаш-ҧҳа.
Аҧсабара инаҭаз абаҩхатәра, ихы-иҧсы еиҳа бзиа иибоз иҧсадгьыл Аҧсны иалаҵәеит. Ипоезиатә дацқәа рҧашә ҳадгьыл аҟны аҽеиҵнахит. Ашьха ду акьацәра ихәнеит. Ҳажәлар амилаҭ-политикатә еибарххарақәа рҿы азҵаара дуқәа ахьцәырыргоз, 17 шықәса анихыҵуаз инаркны иалагылаз, иагәыцә хаданы иҟаз, апатриот, Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 1950 ш. ажьырныҳәа 13 рзы Аацы ақыҭан диит. Иахьа дыҟазҭгьы иаҧсуара, иуаҩра, ихаҭара дуӡӡан. Ус иҳәалон: – Дарбан уаҩызаалак ихы шьҭыхны дныҟәаразы, иҭаацәа ихшаз зегьы ҿырҧшыгазароуп, ааӡаҩ ажәлар рҿаҧхьа ҽҧныҳәа имоуа дынхозароуп. Ихәы даҭәҳәаны ифозароуп».
Ирҳәоит доусы даниуа – еҵәак-еҵәак рыциуеит ҳәа. Уи анкыдшәо, ианҿыцәаауа аӡәгьы издырӡом, аҧсабара ус ишоуп. Адунеи ааршазар аахыс, ажәҩан еҵәақәа, ҽынла иаҳамбо, рыгәҭа ижжаӡа икыдуп аҧсшәа аеҵәахә. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, дгьылаҵыхәан иҟоу, «алахьынҵа» зшо уи кыдшәараны иҟоуп, амилаҭ рмаҷра, дара уи ишазыҟоу, рхы иахьынӡадырхәо «ҭҵааны». Уазымхәыцыр ауам!
Аҧсшәа аеҵәахә жәҩан икыдын, аха аҧсуа жәа адгьыл аҿы гараҟәҟәала иҿаҳәаны игаран, иаҭахын ахәыҷы ҧшқа иеиҧш, игарҵны ашьаҿақәа еихго аҧсҭазаара иналагыларц.