Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала аколлектив агазеҭ «Аԥсны» аусзуҩцәа ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рымш!

Акыр иаԥсоу, ҳаҭыр зқәу аҳәса! Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Жәларбжьаратәи Шәымш – Март 8! Ааԥын иацны иааиуеит шәныҳәа, ԥшӡарала, хаарала, гәыкрала еибарку. Аԥҳәыс аҭаацәара еихазҳауа, ҳхәышҭаарақәа змырӡуа раԥхьа дгылоуп, лара илыҵоуп аԥхарра, аманшәалара, аизыӡырҩра. Еиҭаҳҳәоит, еиқәшәырхоит ҳхәышҭаарақәа, иагьышәыхьчоит. Аҳәса убоит ҳаԥсҭазаара аҵкарқәа зегьы рҿы, еиуеиԥшым аусқәа қәҿиарала шәнапы рылакуп.

«Агәхыхҩы»

27 Жәабран 2023 12:12

Февраль  14 рзы  С. Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драматә театр аҟны амассатә информациа хархәагақәа русзуҩцәа идырбан, раҧхьаӡакәны Ф. Достоевски ироман «Ауаа рыцҳақәа» ала ақәыргыламҭа «Агәхыхҩы». Уи режиссиорсгьы,ақәыргылаҩысгьы дамоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист Адгәыр Ақаҩба.Сааҭк ицоз аспектакль ҿыц даара гәахәара дула ирыдыркылеит ажурналистцәа. Адырҩаҽны, февраль 15-16 рзы агәаҳәара змаз  апремиера ҿыц ахәаҧшразы аҭагылазаашьа рыман уахь амҩахыҵра.

Риҵа аӡиаҿы

27 Жәабран 2023 12:06

Февраль 17 азы ихыр­кәшахеит Риҵатәи Амилаҭтә парк иахьа­ҵанакуа ашьха ҭыԥқәа рҟны асыԥса аҿыбгарақәа раԥырҟәҟәаареи аиқәырхаратә усурақәеи рымҩаԥгаразы Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра акоманда–штабтә ҽазыҟаҵарақәа. Урҭ ирылахәын Аминистрра хаҭалатәи аилазаара 50-ҩык рҟынӡа, иара убас 15 цыра атехника ҷыда.

Тамшь ақыҭан

27 Жәабран 2023 12:05

Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥысит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны. ТАМЫШ-VILLAGE –2023». Уи азкын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еиба­шьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра.

Афестиваль иалахәын Аԥсны араионқәа, Алада Урыстәыла, Ареспублика Ҭаҭарсҭан рҟнытәи 13 шықәса зхыҵуа рҟынӡа аспортсменцәа қәыԥшцәа 60-ҩык.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Ауаажә­ларрратә палатаҿы имҩаҧысит, иахьатәи ҳаамҭазы афымца­лашара иазкны ауаажәларра ирызцәырҵуа агәынамӡарақәа рылацәажәарақәа ирызкыз аилатәара. Уахь инаҧхьан афымца аҭира Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷанба, уаанӡа «Амшы­неиқәафымцамч» напхгара азызуаз Аслан Басариа, аспециалистцәа, иара убас афымцалашара иазкыз игәаанагара иҳәон, Аҧсны Жәлар Реизара афбатәи ааҧхьара адепутат Алхас Џьынџьал. Иазгәаҭатәуп сааҭбжак ишымҩаҧысуаз ажурналистцәа аламырхәӡакәа аилацәажәара, анаҩс Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны анацәа Рхеидкыла аиҳабы Гәыли Кьычба аҭагылазаашьа рылҭеит амассатә информациа ахар­хәагақәа русзуҩцәа афымцалашара аганахь ала аспециалистцәа азҵаарақәа рырҭарц.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me